13-10-2017

Агәыҧ ҿа «Sunrise road» аконцерт

news_name

Агәыҧ ҿа «Sunrise road» аконцерт 

Цәыббра 13 рзы Амҳаџьыраа рыгаҿа аҟны , Аколоннада аҿаҧхьа имҩаҧысит агәыҧ ҿа «Sunrise road» аконцерт. 

Агәыҧ «Sunrise road» - ааигәаӡоуп ианцәырҵыз. Аханатә «Sunrise road» шьақәгылан 5-ҩык алахәцәа рыла. Урҭ ҧхьагылаҩыси идеиатә ҧызаси дрыман Асҭан Адлеиба.  Анаҩс, алахәцәа ринтересқәа ахьеиқәымшәаз иахҟьаны, агәыҧ еилыҵит.

Аха, разҟны, еиқәшәеит Аҧсуа университет аҿы Аграфикатә дизаин аспециализациала 4-тәи акурс аҿы итәаз астудент -  Асҭан Адлеибеи (аелектрогитара)  Харковтәи ауниверситет азинтә факультет аушьҭымҭа – Ардашьын (Арда) Саманбеи (авокал, акустикатә гитара).    

Арҧарцәа ааҧсарак ҟамҵакәа уахи-ҽни ихәмаруан, рхатәы композициақәа ҭарыҩуан, иагьеизыргеит ицәгьамкәа адунеитә рок-хитқәеи рхатәы ашәақәеи. Арҿиара иагәылахаланы иамаз арҧарцәа ирыӡбеит аҧхынтәи асезон аркра аламҭалазы идуум рхатә концерт ацәыргара.

Аҿарацәа ралагамҭа иадгылеит АҞӘАФОН, урҭ агәыҧ ацхыраара рырҭеит амузыкатә маҭәахәқәа раахәараҿы, иара убас рконцерт аинформациатә спонсорра азыруит. 

Ахәаҧшцәа даара иҧханы ирыдыркылеит агәыҧ ҿа ақәгылара, урҭ рашәақәа зегьы напеинҟьарала ирҧылон.

Узыргәырҕьо акоуп Аҧсны абаҩхатәра злоу, аҟазара  еиуеиҧшым аганқәа рҿы зхы аарҧшра иашьҭоу аҿар рхыҧхьаӡара ахьырацәоу.  АҞӘАФОН еснагь еигәырҕьоит  ахҭыс ҧшӡақәа раҧҵара, иацхраауеит абаҩхатәра ҿыцқәа раартра.

 

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша