13-12-2017

Аҧсуа университет иреиҕьу астудентцәа АҞӘАФОН астипендиақәа ранашьан.

Аҧсуа университет иреиҕьу астудентцәа АҞӘАФОН астипендиақәа ранашьан.

Ҧхынҷкәын 13 рзы Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет аҿы ныҳәаҵас  имҩаҧысит  ари Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа иреиҕьу астудентҵәа АҞӘАФОН аҟнытә хаҭалатәи астипендиақәа ранашьара иазку ацеремониа.

АҞӘАФОН астипендиатә программа хацыркын 2006 шықәсазы. Уи хықәкыс иамоуп адырра аиура иашьҭоу, аҭҵаара-дырратә усура зҽазызшәо астудентҵәа асоциалтә цхыраара рзыҟаҵара, адыррақәа риуреи хаҭалатәи аизҳареи зҽазызшәо астудентцәа аџьшьара рыҭара, аҿар активла асоциалтәи ауаажәларратәи усура радыҧхьалара.

Убри аахыс АҞӘАФОН есымза ААУ аҟны факультет цыҧхьаӡа ҩыџьа-ҩыџьа иреиҕьу астудентцәа иҷыдоу астипендиа рырҭоит. АҞӘАФОН уи ашәагаа ҩынтә иацырҵахьеит.

Аҧсуа Ҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Алеқсеи-иҧа Гәарамиа икабинет аҿы АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа  иршеит  2016-2017 аҵаратә шықәс азы иреиҕьу астудентцәа астипендиа рыҭара иазҳәаз хаҭалатәи 18 сертификат .

Ари ацеремониа иалахәын ааӡара аҟәша аганахьала аректор ихаҭыҧуаҩ Медеиа Чегьиаҧҳа, апроректор Виктор Маланӡиа, иара убас Иреиҳау аҵараиурҭа афакультетқәа рдеканцәа. Алеко Алеқсеи-иҧа даҽазныкгьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит АҞӘАФОН аҧҵаҩцәа, урҭ астудентцәа рзы иҷыдоу апрограмма еиҿкааны,  аҵара ус аҿы алҵшәа бзиақәа раарҧшразы астимул ахьрырҭо азыҳәан.  

Астипендиа зырҭо рсиа ашьақәырҕәҕәаразы, уи аҭара аламҭалазы, АҞӘАФОН аҿы еиҿкаау акомиссиа рыҿцәажәоит  ААУ афакультетқәа зегьы рдеканцәа ирыдыргалаз асиа иану астудентцәа.

АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа астудентцәа ирыдырныҳәалеит рстатус ҿыц, ирзеиҕьаршьеит ҧхьаҟазы аизҳара, рдыррақәа реизырҳара, иара убасгьы қәҿиарала аҭҵаарадырратә усура.

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша