01-06-2017

КЬАРАЗАА ахылаҧшра зырҭо рзы ахәыҷтәы ныҳәа

news_name

КЬАРАЗАА  ахылаҧшра зырҭо рзы ахәыҷтәы ныҳәа

2017 шықәса лаҵара 31 - рашәара 1 азы АҞӘАФОН-и Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара “КЬАРАЗ”-и еицымҩаҧыргеит “Ахәыҷқәа рыхьчара” Жәларбжьаратәи Амш иазкны,  ари аиҿкаара ахылаҧшра зырҭо ахәыҷқәа рзы итрадициатәу аныҳәа.

Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны лаҵара 31 рзы еиҿкаан Аҧсны араионқәа рҟнытә 50-ҩык ахәыҷқәа Аҟәа раагара. Урҭ апансионат “Кьалашәыр” аҿы иҩнаҵан. Шьыжьхьа ашьҭахь ахәыҷқәа ақалақьтә парк аҿы ахәыҷтәы машьынақәа ирықәтәаны икатааиуан, абатутқәа рҿы иҧон, анаҩс еқскурсиа ҳасабла ирҭааит Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә музеии Аҟәатәи Аботаникатә баҳчеи. Шьыбжьхьа ашьҭахь аҷкәынцәеи аӡҕабцәеи рзы еиҿкаан  акинотеатр “Адунеи” аҿы амультфильм дырбара. Ахәылбыҽха  Ареспубликатә стадион аҿы  аҷкәынцәа хәыҷқәа рзы  ашьапылампыласҩы Дмитри Кәартаа имҩаҧигеит аҟазаратә-класс, уи ашьҭахь ахәыҷқәа дырҩегьых иргеит агаҿа ашҟа ныҟәара, уаҟа аршәы хаа рҿарҵеит.

Ахәылбыҽха асааҭ 8 рзы ахәыҷқәа ахәышҭаарамца иакәшаны итәаны, аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәбеи адәқьан “30 секунд” адиректор Денис Саманбеи ирзеиҭарҳәоз аинтерес зҵаз аҭоурыхқәа ирзыӡырҩуан, агитараҿы ихәмаруан, ашәа рҳәон.

Аныҳәа аҩбатәи амш азы АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа Гета Арӡынбеи, Асҭан Барцыци, АУЕ “Кьараз” анагӡаратә директор Гоҧиа Камеи  ахәыҷқәа Аҧсуа театр аҿаҧхьа ирҧылеит, аклоунцәа рыцны, ампышҭақәа рыманы. Урҭ ахәыҷқәеи дареи агаҿаҟны иныҟәеит, анышьқәа ирықәтәаны амшын ихылеит, абампербол ихәмарит. Ахәылҧазы ахәыҷқәа ақалақь ахадара еиҿыркааз аусмҩаҧгатәқәа рыҽрыладырхәит, иара убас Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысыз аконцерт рбеит. 

АҞӘАФОН аҟнытә ахәыҷқәа рзы  даҽа ҳамҭаны иҟалоит ҳара ҳфотоҭыхҩы Валентина Ваганова арҭ аҩымшк рыҩныҵҟала иҟалҵаз афотоҭыхымҭақәа кьыҧхьны ахәыҷқәа  хаҭала аӡәаӡәала ианрыҭахалакь. Аҟәатәи аканикулқәа арҭ ахәыҷқәа рзы илашоу, агәаҧхара ду зцу гәалашәараны иаанхоит.

Аныҳәамш хыркәшан шьыбжьхьа аицыфарала, уи аамҭа иалагӡаны ахәыҷқәа аныҳәа мшқәа рзы иргәаҧхаз ахҭысқәа еибырҳәон.

Ҳхәыҷқәа – аҧсҭазаараҿы иҳамоу зегь иреиҕьу, зегь ирыцку роуп. Ирзеиҕьаҳшьоит ҳхәыҷқәа зегьы агәабзиареи насыҧла иҭәу ахәыҷреи. Ахәыҷқәа рыхьчара Амш акрызҵазкуа ныҳәоуп ахәыҷқәа рзы, уи ахәыҷқәа рыблаҿы рхаҭара аҵакы еиҳанатәуеит.

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша