02-05-2017

Апроект «Иарбан? Иаба? Ианба?»

Апроект «Иарбан? Иаба? Ианба?»

Есышықәса АҞӘАФОН ацхыраара рзыҟанаҵоит акультуреи аҵарадырреи ирызку апроектқәа. 

Ари аусура аганахьала акрызҵазкуа хырхарҭақәаны иҟоуп  аҳәынҭқарратә ҵараиурҭақәеи аспорттә еиҿкаарақәеи рҿы аҵара зҵо ауаа рыцхыраара иазку апроектқәа.

Ус еиҧш иҟоу апроектқәа рхыҧхьаӡара иаҵанакуеит АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала Москватәи аҧсуа диаспора имҩаҧнаго, ателехәаҧшратә интеллектуалтә илыҧшааху  “адырҩцәа”рклуб ахәмарра амотивқәа ирҿырҧшны еиҿкаау аинтеллектуалтә хәмарра “Иарбан? Иаба? Ианба?”

Москва инхо ҳџьынџьуаа рыбжьара аинтеллектуалтә клуб “Иарбан? Иаба? Ианба?” раҧхьатәи ахәмарра мҩаҧысит москватәи аресторан “Черноморская Ривьера» аҿы 2016 шықәса ҧхынҷкәын мзазы. Уи еизнагеит акомандақәа 10. Аиааира ргеит “День сурка” зыхьӡыз акоманда.

Аҩбатәи ахәмарра мҩаҧган 2017 шықәса, жәабран мзазы, уаҟа аҧхьахә хада ранашьахеит акоманда “Чегемтәи пушкиндырҩцәа” иалаз  ахәмарҩцәа.

Иаарласӡаны, мшаҧы мзазы ҳара ҳинтеллектуалцәа имҩаҧыргеит ахҧатәи ахәмаррагьы. Акомандақәа зегьы иаадырҧшит зеиҕьыҟам азыҟаҵара, аерудициа бзиа ҳреспублика аҭоурых адырраҿы. Хшыҩла ҕәҕәала аиндаҭлара иалҵшәаны, аиааира ранашьахеит акоманда “Ақаламышь” ахәмарҩцәа!

Арҭ ахәмаррақәа рсериаҿы ихадоу шәымҭаны иҟоуп азҵаарақәа рҕьырак Аҧсны аҭоурыхи акультуреи иахьрыдҳәалоу, иазгәаҭатәуп иара убасгьы ҟәшак аҧсышәала ишыхәмаруа.

 Алахәцәа ирҷыдангьы, ахәмарра иаҭаауеит Б.Кобахьиа, Н.Хашба, Т.Шамба, Б.Агрба уҳәа ирацәаҩны еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩцәа.

Уи инаҷыдангьы, лаҵара 16, 2016 шықәсазы Урыстәыла аҳәаанырцәтәи аусқәа Москватәи жәларбжьаратәи реизыҟазаашьазы аҳәынҭқарратә институт аҭӡамцқәа рыҩныҵҟа (Ауниверситет) имҩаҧысит Амилаҭтә фатәқәа Рымш. АҞӘАФОН иҟанаҵаз аспонсорра иабзоураны  уаҟа ицәырган Москватәи Аҳәынҭқарратә Жәларбжьаратә Еизыҟазаашьа Аҧсуа еидгьылра ркоманда.

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша