22-02-2017

Ричард Ҷкадуа ишәҟәы «Ақәаб» аӡыргара.

news_name

 Ричард Ҷкадуа ишәҟәы «Ақәаб» аӡыргара.

Жәабран 22 рзы Аҧсны акультуратә усҳәарҭақәа инарылукааша – И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ахыбраҿы имҩаҧысит Ричард Ҷкадуа ишәҟәы «Ақәаб» аӡыргара.

Ари аҭыжьымҭа аспонсорра азнауит Амобилтә еимадара «АҞӘАФОН».

Р.Ҷкадуа иҩуеит ажәеинраалақәеи апрозеи, уи ирҿиамҭақәа ркьыҧхьхьеит Нальчик ақалақь аҿы иҭыҵуа ажурнал “Буква” аҿы 2016 шықәсазы, раҧхьатәи иажәеинраалақәа реизга “Ажәақәа ршьаҿақәа” ҭыжьын 2002 шықәсазы. Автор  ихаҭа иажәақәа рыла, уи иҩуеит ихы-игәы иҭоу, ҩныҵҟала дзыргәаҭеиуа: игәалашәараҿы зҽызҵәахуа игәы хыҭ-хыҭрақәеи ихәыцрақәеи. «Акалам иҵыҵуа зегьы ҽазыҟаҵара ҷыдак рҭахым, урҭ ихымҧадатәиу аформа рыҭара мацароуп иаҭаху»,- иӽәоит автор.

 “Ақәаб” зыхьӡу ишәҟәы иагәылоуп 100 инарзынаҧшуа ажәабжь кьаҿқәа. Урҭ рыцыҧхьаӡа ашәҟәыҩҩы ихәыцрақәеи игәалашәарақәеи рныҧшуеит, иара убасгьы иаадырҧшуеит уи дахьиз, дахьааӡаз атәыла акультура аҷыдара.

 Ашәҟәы аӡыргара мҩаҧигеит Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа, иара убас автор ишәҟәы иазкны ажәа ҟәандақәа иҳәеит аӡыргараҿы уи дидныҳәало иқәгылаз актиор Кьасоу Ҳагба.  Аизга аӡыргара мҩаҧысит ҭаацәашәала иҧханы, аиҩызаратә ҟазшьа аманы, уи рҽаладырхәит  автор иколлегацәа, иҩызцәа, игәакьацәа рацәаҩны.

 Ричард Ҷкадуа ишәҟәы аӡыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган АҞӘАФОН асоциалтә аҳа Instagram аҟны еиҿкааз архәмарраҿы аиааира згаз аҳамҭақәа – 10 шәҟәык рыҭара.  Аҳамҭатә комплект иалан: Геннади Аламиа авторс дызмоу “Арӡынба иаамҭа”, В.Занҭариа ишәҟәы “Раҧхьатәи Ахада изы ажәа”, Шь.Д.Инал-иҧа ишәҟәқәа “Аубыхқәа”, Асаӡқәа”, Р.Ҷкадуа ишәҟәы “Ақәаб”, Р.Смыр иажәеинраалақәа реизга “Аҵыс иаҵәа”, И.Ҷкадуа ишәҟәы “Аҧсуа альбом”, А.Агәмаа ишәҟәы “Ижәытәтәиу Аҟәа”, Альбомқәа -  “Аҧсны аҭоурыхтә бираҟқәа”, “Валери Гамгьиа”.

 Анапаҵаҩцәа иаадырҧшыз азҿлымҳара ҷыда иабзоураны, ирыӡбеит 20 комлектк ашәҟәқәа  рырхәмарра ҩымш рыҩнуҵҟала амҩаҧгара. Актәи амш аҧҟаррақәа ишырҳәоз ала, раҧхьатәи 10-ҩык алахәцәа ииашаны рҭак ҟарҵар акәын Аҧсны аҳҭны қалақь иазкыз азҵаарақәа 5. Аҩбатәи амш аан – Аҧсны аҭоурых иазкыз азҵаарақәа 5 рҭак.  Арҭ ашәҟәқәа риура рынасыҧхеит аерудициа ҳаракы змоу, атәыла  аҳҭны қалақь мацара акәымкәа, зыҧсадгьыл аҭоурых  бзианы издыруа, еилызкаауа архәмарра алахәцәа.

 АҞӘАФОН азы ибзиоу традициахеит  ас еиҧш иҟоу архәмаррақәа рымҩаҧгара. Мшәан, ашәҟәы ҳамҭас аиура – ари ииашаҵәҟьаны, ҵоура злоу, ибзиоу ҽыҵгоуп ауаҩы ирхәыцразы, иџьашьатәу, иссиру аҧхьара адунеи иалагаларазы.

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша