22-06-2017

Фонограф – Џьаз - Бенд

news_name

Фонограф – Џьаз - Бенд

Рашәара 22 рзы ақ. Гагра Акультура Аҩны ахыбраҿы, иара убас рашәара 23 рзы Аҟәа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысит Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист, адирижиор хада Сергеи Жилин напхгара  ззиуа аоркестр “Фонограф-Џьаз-Бенд” аконцертқәа.

Аџьаз знапы алаку ауаа акырҵуеит ибзианы ирдыруеижьҭеи ари аурыс музыкарҳәаҩи уи иоркестри рырҿиара. Апианинорҳәаҩы, акомпозитор, бенд-ҧхьагылаҩ, аранжировка ҟаҵаҩы Сергеи Жилин ҳаамҭазы Урыстәыла ақәҿиара ду змоу, уи амузыкатә культура иҳаракӡоу жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы инаганы ицәырызго аџьазменцәа дыруаӡәкуп.

Аҧсынгьы уи акультура иаҟәыҭханы иаанымхеит. 2010 шықәсазы АҞӘАФОН иҟанаҵаз ааҧхьара иабзоураны, ари амузыкатә коллектив раҧхьаӡа акәны Аҟәа иқәгылеит, сынтәа акәзар, Жилин иџьазтә оркестр, АҞӘАФОН ааҧхьарала, Аҧснытәи ахәаҧшцәа ирызнархиеит апрограмма ҿыц “Лет ит Битлз”.

Аконцерт апрограмма шьақәгылан, зашәақәа  акымкәа-ҩбамкәа абиҧарақәа ааӡаз,  илегендартәу ливерпультәи арҧарацәа еиуеиҧшым рхитқәа рыла. Анагӡара здаҟам ҷыдарас иаиуит амузыкатә стильқәа рмиқс: меинстрими, свинги, бибопи инадыркны рок-н-ролл аҟынӡа.  Аконцерт аҿы ҷыдала дсасны дыҟан ашоу “Голос.Дети” алахәыла, авокалистка қәыҧш Милена Барцыцҧҳа.

Зегь реиҳа хадара злаз – амузыка аӡбахә ҳаналацәажәо, иуҳәаша рацәоуп. Аха иааркьаҿны иуҳәозар, “Фонограф-Џьаз-Бенд” асасцәа ирнаҭеит ибзианы рыҧсы ршьартә, ахәылҧаз бзианы имҩаҧыргартә,  аџьаз иашаҵәҟьа агәахәара ду рнаҭартә еиҧш алшара.

 

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша