12-04-2017

АГФ “Ашана” VI есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара

АГФ “Ашана” VI есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара

Мшаҧымза 12 рзы асасааирҭа “Атриум-Викториа” аконференц-зал аҿы имҩаҧысит Акультуратә-гәыҳалалратә фонд “Ашана” VI есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара. Уи аҿы АҞӘАФОН аусзуҩцәа иазгәарҭеит акциа “Еицаҳахьчап аҧсҭазаара ҳазегьы” зегь реиҳа активла зҽалазырхәыз абонентцәа.

2016 шықәса иалагӡаны  ҕәҕәала ичмазаҩыз 23-ҩык ахәыҷқәа рыхәшәтәразы еизган 6 164 519 мааҭ. Урҭ рахьтә 8-ҩык  ироуит зквалификациа ҳараку  амедицинатә цхыраара Урыстәылеи Ермантәылеи иреиҕьу аклиникақәа рҿы.

 Аизара аҟны “Зегь реиҳа згәы ҳалалу абонент” зыхьӡыз аноминациаҿы аҧхьагылара рыҭан 5-ҩык абонентцәа. АҞӘАФОН аусзуҩцәа урҭ  рнапаҿы иддыркит “Ацгәхьаакратә лаҕырӡы” зыхьӡу агәаларшәаратә дырга, ҕәҕәала ичмазаҩу ахәыҷқәа систематәла агәыҳалалратә цхыраара ахьырзыҟарҵаз азы аџьшьаратә грамотақәеи, акорпоративтә аалыҵқәа реизгеи, ашәҭ шьыҵәрақәеи. 

”Зегь реиҳа згәы ҳалалу” хәҩык абонентцәа рыхьӡқәа:

Делба Асҭамыр Заир-иҧа

Каҷарава Руслан Омистер-иҧа

Чукбар Асҭа Лев-иҧҳа

Чакериан Сергеи Арсен-иҧа

Костанианн Сусанна Петр-иҧҳа

АҞӘАФОН ари афонд акциа иадгылеит  2012 шықәса алагамҭазы.  Уи аамҭа иалагӡаны жәа-нызықьҩыла АҞӘАФОН абонентцәа аномер 5050 ашҟа  идәықәырҵеит  ажәа “Добро” ҳәа анҵаны  SMS-дырраҭарақәа шәкыла ҕәҕәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы.

Уи инаҷыдангьы, абар уажәшьҭа хышықәса ҵуеит  АҞӘАФОН ацхыраара анаҭоижьҭеи ҳара партниорс иҳамоу афонд “Асоциалтә-культуратә хацыркрақәа”,  Азамаҭ Багаҭелиа ихаҿала  қәҿиарала иаларҵәоу апроектқәа. Хышықәса рыҩныҵҟала афонд имҩаҧнагеит акымкәа-ҩбамкәа есышықәсатәи агәыҳалалратә усмҩаҧгатәқәа. Урҭ хықәкыс ирыман афонд Ашана зхылаҧшуа ахәыҷ чымазцәа рзы аҧара аизгара. Уи аусура иабзоураны, ахәыҷқәа рыхәшәтәразы идәықәҵан 1 338 325 мааҭ.  Сынтәа Москва Афонд Ашана  акрызҵазкуа апремиа аиуразы аноминациа иқәыргылоуп. Ҳара ҳабонентцәеи ҳпартниорцәеи иаадырҧшыз агәҭынчымра абзоурала, хыҧхьаӡара рацәала ахәыҷы чымазцәа ироуит ашанс, изеиҧхыӡуа агәабзиара аиуразы.

 

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша