24-09-2017

Тҟәарчал имҩаҧысыз Каданс аконцерт

Тҟәарчал имҩаҧысыз Каданс аконцерт 

Цәыббра 24 рзы Тҟәарчалтәи Акультуратә Хан аҿы имҩаҧысит А.С.Алавердиан напхгара зиҭо К.Ковач ихьӡ зху ахәыҷтәы ҟазаратә школ №1 аҿы еиҿкаау аестрадатә-музыкатә  ансамбль “Каданс” аконцерт.

Аилахәыра АҞӘАФОНИ амузыкатә театр “КАДАНСИ” раҧхьатәи реибадырра мҩаҧысит шықәсык уажәаҧхьа. 2016 шықәсазы артистцәа ҿарацәа акыр идырҧшӡеит Аҧсны раҧхьатәи амобилтә оператор еиҿнакааз аусмҩаҧгатәқәа акымкәа-ҩбамкәа. Урҭ рхыҧхьаӡара аҟны иҟоуп: Амҳаџьыраа рыҧшаҳәаҿы имҩаҧгаз акциа “АҞӘАФОН аҟнытә анырра лашақәа”, раҧхьатәи амобилтә оператор амшира азгәаҭара ахьӡала аҟәара “Волна” аҿы имҩаҧгаз ахәылҧаз,  АҞӘАФОН Амаҵзуратә центр аҿы имҩаҧысыз ахәыҷқәа рзы ашықәс ҿыц азтәи акциа уҳәа ҳтәыла акультуратә ҧсҭазаараҿы  имҩаҧысыз  убас егьырҭ ахҭысқәагьы.

2017 шықәса, мшаҧымзазы АҞӘАФОН Ахадаратә спонсорра ала имҩаҧысит ари ахәыҷтәы ансамбль асолатә концерт, аҧхынразы амузыкарҳәаҩцәа қәыҧшцәа рҽаладырхәит “Артек аимабзиара” зыхьӡу ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи рырҿиара Жәларбжьаратәи афестиваль. Арҭ ахҭысқәа  рышьҭахь ихацыркын ҳтәылаҿы ари ансамбль асолатә концертқәа рмарафон.  АҞӘАФОН ахацыркрала, иара убасгьы уи активла иҟанаҵаз ацхыраарала, Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 24 шықәса ахыҵра инадҳәаланы,  артистцәа қәыҧшцәа Тҟәарчал имҩаҧыргеит  актәи аконцерт.

Аконцерт мҩаҧысит  қәҿиара дула, ахәаҧшцәа рҟнытә аҧхарреи аиҩызаратә ҭагылазаашьеи аманы. Азал гәыкала ирыдыркылеит ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа, ҭабуп ҳәагьы рарҳәеит ас еиҧш иҟоу аҳамҭазы. Ахәаҧшцәа бзиа еицырбаз ари агәыҧ анаҩстәи аконцертқәа мҩаҧысраны иҟоуп жьҭаарамзазы ақалақь Очамчыреи, абҵаразы ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭеи.

 «АКӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша