15-07-2017

АҞӘАФОН 14 шықәса ахыҵит!

АҞӘАФОН 14 шықәса ахыҵит

Ҧхынгәы 15 2003 шықәса – Аҧсны амобилтә еимадара аганахьала аџьармыкьа аира иарыцхәуп, уи амшазы раҧхьаӡа акәны иҟаҵан АҞӘАФОН абонент иҟнытә акоммерциатә ҭеласра!

Уи аахыс 14 шықәса цеит!

14 шықәса ҽазҵәылхрала аусура – раҧхьатәи абазатә станциа аргылара инаркны,  Аҧсны зегьы аҵанакыртә еиҧш  зҽеиҵызхыз аҳа аҟынӡа. 14 шықәса – зегь реиҳа иаҧхьагылоу атехнологиақәа мацара, иҿыцу алаҧшҳәаақәа, иҿыцу алшарақәа!

АҞӘАФОН амшира – иҷыдоу мшуп Ахеилак аусзуҩцәа мацара рзы акәымкәа, ҳреспублика иқәынхо зегьы рзы! Уажәшьҭа итрадициахеит, ари амш азы АҞӘАФОН  иара ахатәы  абонентцәа зегьы   аныҳәа рзеиҿкаара!

 Уи аганахьала 14-тәи амширагьы атрадициа иалхәдааны иҟамлеит – ҧхынгәы 5 инаркны 12 рҟынӡа  имҩаҧысуан  «АҞӘАФОН аҟнытә Уара у-iPhone” ҳәа зыхьӡыз Акциа.

Ари Акциа алахәхаразы ихадоу ҧҟараны иҟан  «АҞӘАФОН-GSM» Амаҵзуратә Центрқәа 14 рҟнытә иарбанзаалак акаҿы  зныкала 300 мааҭ, ма инареиҳаны аҧара аҭаҵарала зхыҧхьаӡара хазырҭәааз абонент илшон автоматла Акциа алахәхара. Уи дшалахәу ашьақәырҕәҕәаразы абонент изынашьҭхон хаҭала ирҭаз аидентификациатә код зну SMS-дырраҭара.

Амҳаџьырқәа Рыгаҿа аҟны ҧхынгәы 15 рзы имҩаҧысит АҞӘАФОН 14 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа! Алазертә шоу, аныҳәатә қәыҧшылара еқсклиузивла аҩычара, уи зегьы зырлах-ҿыхуаз ахәылҧаз амҩаҧгаҩцәа – Алхас Манаргиеи Асҭан Барцыци амца зхылҟьоз риумор!

Аныҳәа хацыркын зегь реиҳа ихадаз ала – асасцәа хәыҷқәа рныҳәа ала.Ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи ирзыҧшын иҧшӡаны ирхиаз афотозона, хәыда-ҧсада афотосессиа, ашоу «Performance», абамба хаа, асапынтә мпышҭақәа уҳәа убас, ҳара ҳхәыҷқәа зегьы бзиа ирбо, ахәмаррақәа рацәаны. 

Анаҩс иҟан аныҳәатә хәҭа – Акциа «АҞӘАФОН аҟнытә Уара у-iPhone” аҟны аиааира згаз iPhone 7  14 рыҭара ацеремониа.

Аиааира згаз аҳамҭақәа рыҭаразы ааҧхьара рыҭан аҭыҧҳа ҧшӡақәа – акультуратә фонд «L-Star» аҟнытә , иара убас ҷыдалатәи асас – ҳаҭыр зқәу ари амиссиа анагӡаразы ҷыдала Москвантәи иҧырны иааз,  раҧхьатәи аҧсуа автоеиҧхныҩлаҩ Дима Гвазава.

 АҞӘАФОН аҟнытә iPhone 7-қәа рымазаара насыҧс изауз иреиуоуп:

Харчлаа Наталиа, Воуба Ламара, Ҵәыџьба Лейла, Тибуа Ҭамрико, Аргәын Асҭанда, Бигәаа Арнелла, Шьаҟрыл Самад, Хоранов Марат, Дашелиа Лана, Шьакаиа Денис, Гагулиа Иана, Леиба Диана, Погодин Владимир, Ҕәынџьиа Нонна!

 Аныҳәатә программаҿы, ииашаҵәҟьаны, зегьы ргәы  зырлах-ҿыхыз хәҭаны иҟалеит  асас ҷыда - DJ Sveta лҟнытә ари асезон аҿы иреиҕьу ахитқәа!

Ахәылҧаз хыркәшан Аҧсны Раҧхьатәи амобилтә аоператор агимни акыраамҭа еихымсыҕьуаз асасцәа рнапеинҟьабжьқәеи рыла!

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша