25-04-2016

IX-тәи Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «АҞӘАФОН-OPEN»

news_name

IX-тәи Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир   «АҞӘАФОН-OPEN»

Абар уажәшьҭа жәашықәса ҵуеит Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир “АҞӘАФОН-OPEN” Аҧсны аҳҭны қалақь аҿы еизнагоижьҭеи ҳреспубликеи Алада Урыстәылеи рҟнытә иреиҕьу ашахмат асҩцәа.

Сынтәа Аҧсны ашахматтә федерациеи, Аҧсны аспорти абаҩырҵәыратә культуреи рзы Аҳәынҭқарратә комитети, аицлабрақәа спонсор Хадас ирымоу АҞӘАФОНИ дырҩегьых еиҿыркааит ашахматтә ныҳәа ду.  

Мшаҧымза 23 рзы С.У. Багаҧшь ихьӡ  зху аспорттә Хан аҿы имҩаҧысит  IХ-тәи Жәларбжьаратәи  ашахматтә турнир   «АҞӘАФОН-OPEN»  аартра.  Традициала ишаҧу еиҧш, атурнир мҩаҧысуан ҩымш рыҩныҵҟала, уи алахәразы иааҧхьан қәрала еиуеиҧшым  ашахмат асҩцәа.

Аицлабрақәа мҩаҧысуан х-гәыҧк рҿы: А (атурнир хада), В (13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы), иара убас С (9 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы). Традициала атурнир мҩаҧган ФИДЕ аҧҟаррақәа инарышьаршәаланы, швеицариатәи асистемала –  атурқәа 9 А агәыҧ аҿы, ааба-ааба тур В-и С-и агәыҧқәа рҿы. Аамҭа ахылаҧшра – 25 минуҭ партиак  иалахәу дарбанзаалак изы, 10 секундк ныҟәарак азы иацҵаны.    

Сынтәатәи аицлабрақәа раҧхьахәтә фонд 115 000 мааҭ ыҟан. Иара убасгьы атурнир аиҿкаара иалагалан ҿыцрақәакгьы. Иаҧҵан агәыҧ ҿыц – аҳәса ргәыҧ. Аҽаҧсахит аицлабра алахәцәа аҳамҭақәа рыҭаратә системагьы. Сынтәа нахыс категориацыҧхьаӡа актәи аҭыҧ аанызкылаз аицлабра алахәцәа ҳамҭас ирыҭахоит аҧаратә премиа – 15 000 мааҭ. Уи алахәцәа рхы иадырхәар алшоит жәларбжьаратәи аицлабрақәа рышҟа ацаразы. Аҩбатәи аҭыҧ аанызкылаз ирыҭахоит – 10 000 мааҭ аҧара, ахҧатәи – 6 000 мааҭ, аҧшьбатәи – 3 000 мааҭ, ахәбатәи – 2 000 мааҭ. Иара убасгьы аматериалтә ҳамҭала иалкаахоит акатегориақәа “Аветеранцәа”, “Ашколхәыҷқәа”, “Аҳәсақәа” рҿы иреиҕьхаз ахәмарцәа.  

Мшаҧымза 23, асааҭ 10:00 рзы иалагеит IХ-тәи Жәларбжьаратәи  ашахматтә турнир   «АҞӘАФОН-OPEN» аартратә церемониа. С.У. Багаҧшь ихьӡ зху аспорттә Хан аҩныҵҟа аҳра ауан аспорттә ныҳәа иаша иацу агәалаҟазаара. Атурнир аартуа, ашахматтә еицлабра  алахәцәеи асасцәеи зегьы ари аспорттә ныҳәа рыдиныҳәалеит, аманшәалареи ақәҿиара бзиақәеи рзеиҕьишьеит АҞӘАФОН ахаҭарнак Асҭан Барцыц.  

Анаҩс ирылаҳәан аицлабрақәа актәи ртур, убасалагьы ихацыркын ари  ашахматтә марафон.

Ҩымш рыҩныҵҟала иалыркаауан Атурнир аҿы иреиҕьу ахәмарцәа. Мшаҧымза 24, асааҭ 15:00 рзы  еилкаахеит урҭ рыхьӡқәа. Аиааира згаз аҳамҭақәа рыҭара иазкыз ацеремониа рҽаладырхәит Аҧсны ашахматтә Федерациа ахада Константин Ҭыжәба, Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыҧуаҩ Дмитри Гәарамиа, Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациатә ҟәша аиҳабы Ҭенгьиз Ҭарба. Урҭ зегьы аӡәаӡәала ирыдырныҳәалеит аҧхьахәқәа занаршьаз аспортсменцәа, ирзеиҕьаршьеит аспорт аҿы  ҧхьаҟагьы  аиааира дуқәа.

 

IX – тәи Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир   «АҞӘАФОН-OPEN» аҿы аҧхьахәқәа занаршьаз

Агәыҧ А (адуцәа рыбжьара)

 

I аҭыԥ

Палькович Денис

II аҭыԥ

Маратканов  Евгени

III аҭыԥ

Буиуклиан Артур

IV аҭыԥ

Табариан Артем

V аҭыԥ

Бигәаа Роланд

70 шықәса ирҭысхьоу аветеранцәа рыбжьара

I  аҭыԥ

Хазириши Енвер

60 шықәса ирҭысхьоу аветеранцәа рыбжьара

I  аҭыԥ

Хачецуков  Нурби

Агәыҧ  В  (13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа алахәцәа рыбжьара)

I аҭыԥ

Шамба Леон

II аҭыԥ

Шелиа  Даниель

III аҭыԥ

Ҟаитан Алан

 

Агәыҧ С (9 шықәса рҟынӡа зхыҵуа алахәцәа рыбжьара)

I аҭыԥ

Хәырхәмал Аинар

II аҭыԥ

Кәарацхелиа Тристан

III аҭыԥ

Аргәын Владислав

 

Жәларбжьаратәи  ашахматтә турнир   «АҞӘАФОН-OPEN»   – ашахмат асразы зымҽхак ҭбаау,  акрызҵазкуа спорттә-массатә усмҩаҧгатәны иҟоуп ҳара ҳреспубликаҿы. Ари атурнир азы иааиуа ашықәс иубилеитәуп. Уи аиҿкааҩцәеи аспонсор Хада АҞӘАФОНИ иазҧхьагәаҭаны ирымоуп  уи аиубилеитә турнир еиҳагьы амҽхак ҭбааны, ауаа рацәа рылаҧш адхало, ихҭыс дуны аҟаҵара. Уи иаанаго,  Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «АҞӘАФОН-OPEN» шықәсык ашьҭахь дырҩегьых ҿыц еизнагоит Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рыҟнытә аспортсменцәа, гәаартыла  ашәқәа рзаанартуеит ҳреспублика асасцәа, сасгьы-ҧшәымагьы ҳамҭас ирынаҭоит аспорттә ныҳәа ду.    

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша