27-09-2016

Афильм «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» аӡыргара

news_name

Афильм «Ҳара ҳаруаа реиҳабы»  аӡыргара

АҞӘАФОН  абонентцәа зегьы  ааҧхьара рынаҭоит Емма Хәаџьааи Ҭемыр Қәычбериеи авторцәас измоу амузыкатә фильм “Ҳара ҳаруаа реиҳабы “ ахҧатәи ахәҭа аӡыргара ашҟа.

Цәыббра 27,  18:00 сааҭ рзы Амҳаџьыраа Рыгаҿа амҩаду ала, Аколоннада аҧхьа имҩаҧысуеит аибашьра аамҭазтәи акрызҵазкуа ахҭысқәа згәылалаз амузыкатә фильм апремиера дырбара.   

”Ҳара ҳаруаа реиҳабы” ахҧатәи ахәҭаҿы ахәаҧшцәа ираҳарц рылшоит  Анри Гәымба напхгара ззиуа агәыҧ «AMA RECORDS» амузыкантцәеи, Ҭемыр Агрбеи, Алхаси Алмасхани Марколиаа русеицурала иҿыцу, ҳаамҭа иашьашәало аранжировкала иаздырхиаз амузыкатә композициа “Амарџьақәа”.  Ари акомпозициа авторсгьы нагӡаҩысгьы иамоу Ҭемыр Ҭаниа иоуп.

«Ҳара Ҳаруаа Реиҳабы» - ари иуникалтәу проектуп. Уи амҽхак ахә ашьара уадаҩуп. Ари апроект идеиа хадас иамоуп абиҧарақәа реимадареи рышьҭрамадареи реиқәырхара.

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша