23-12-2015

Адокументалтә фильм “Ишьхатәылоу Аҧсны. Аӡын” аӡыргара

news_name

Адокументалтә фильм “Ишьхатәылоу Аҧсны. Аӡын” аӡыргара

Ҧхынҷкәын 22 Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысит “Аҧсабара адоуҳа маӡа атәыла” зыхьӡу ахәылҧаз. Уи азкын апроект “Ишьхатәылоу Аҧсны/Ашықәс аамҭақәа” аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҧҵоу адокументалтә фильм “Ишьхатәылоу Аҧсны. Аӡын” аӡыргара.

Ари апроект адунеи зегьы иазаанартит иблахкыгоу ашьхаҳаракыратәи Аҧсны аҧшӡара: ацивилизациа зкьымсыц ақәыҧшылара, зқьышықәсала ҳааигәара иҟоу,  сыла иҭалаҳау иссиру адунеи. 

 2015 шықәса зегьы аҩныҵҟала апроект “Ишьхатәылоу Аҧсны/Ашықәс аамҭақәа” иалахәыз акоманда  имҩаҧыргеит аекспедициақәа, урҭ ирыбзоураны еизган  Аҧсны ашьхатә раионқәа рҿы еиуеиҧшым аамҭақәа рзы аметеорологиатәии, агидрологиатәии, аклиматтәии аҷыдарақәа рзы аексперттә информациа, иара убасгьы иаҧҵан иуникалтәу афото-видео материалқәа рбаза.

2015 шықәсазы имҩаҧгаз аекспедициақәа информациала инеизакны ф-миллионк инареиҳаны ауааҧсыра аҵанакит, уи, ҳәарада, апроект “Ишьхатәылоу Аҧсны/Ашықәс аамҭақәа” азы зегь реиҳа зҵазкуа еихьӡароуп.  

Афильм “Аҧсабара адоуҳа маӡа атәыла” аӡыргара ахьымҩаҧысуаз рхы аладырхәит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаҧшьба, Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Автандил Гарцкьиа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Кан Ҭаниа, Аҧсны Ахадараҿы Аексперттә напхгара аиҳабы Иракли Хынҭәба.

Ахәылҧаз ааиртит, алагалажәагьы иҳәеит ари апроект автор Ҭенгьиз Ҭарба. Уи  иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аҧсны Ахада иааирҧшыз агәрагаразы, насгьы иҭабуп ҳәа аиҳәеит агәра ганы,  апроект ахадаратә спонсорра азызуз  АҞӘАФОН. Иара убас Ҭ.Ҭарба иҭабуп ҳәа реиҳәеит апроект анагӡараҿы ацхыраара ҟазҵаз – Атәылахьчара аминистрреи, Аҧсны Иҷыдоу аусқәа рминистрреи, Агәабзиарахьчара аминистрреи, Афинансқәа рминистрреи. 

Анаҩс ахәаҧшцәа идырбан раҧхьаӡа акәны иӡыргаз  2015 шықәсазы апроект “Ишьхатәылоу Аҧсны/Ашықәс аамҭақәа”  акоманда аҧхынтәи аекспедициа аан  ашьхатә массив Чадым аҩадатәи анаареи Гагратәи ашьхеибаркыра мраҭашәаратәи анаареи рҿы ианыҟаз иҭырхыз авидеороликқәа, иара убас  2011 шықәсазы апроект “Ишьхатәылоу Аҧсны” автор иҭихыз раҧхьаӡатәи авидеоролик.  

Апроект “Ишьхатәылоу АҧсныАшықәса аамҭақәа” даҽакы иалазмырҩашьо ҷыда ҟазшьаны иаиуит аиллиустрациа зызу амшынҵақәа. Урҭ иаадырҧшуеит аеқспедициа аан зегь реиҳа аинтерес зҵаз ахҭысқәа. Аусмҩаҧгатәы “Аҧсабара адоуҳа маӡа атәыла” аҳәаақәа ирҭагӡаны  ахәаҧшцәа идырбан иара убасгьы апроект зегьы анымҩаҧысуаз иаҧҵаз акомиксқәа рыла ишьақәгылаз аӡыргара.   

Аусмҩаҧгатә хыркәшан апроект аӡынтәи аетап иазкыз,уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз  иуникалтәу аекспедициақәа ртәы еиҭазҳәоз  зметраж хаҭәаау адокументалтә фильм “Ишьхатәылоу Аҧсны. Аӡын” ала.

Ахәылҧаз ахыркәшамҭазы асасцәа ирзырхиан Раҧхьатәи амобилтә оператор аҟнытә  иргәаҧхашаз сиурпризк – ҧштәы рацәала еилоу  2016 шықәсазтәи АҞӘАФОН иазнархиаз амзар, уи ианылеит апроект амҩаҧгараан иҭыхыз зегь реиҳа иҿыханҵоу афотоҭыхымҭақәа.

  

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша