13-03-2015

Аҧсны Ареспублика Аҳәынҭқарратә Шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаҩцәа рнапхгараҿы имҩаҧысит В. Г. Арӡынба игәалашәара иазкыз ахәылҧаз

Аҧсны Ареспублика Аҳәынҭқарратә Шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаҩцәа рнапхгараҿы имҩаҧысит В. Г. Арӡынба игәалашәара иазкыз ахәылҧаз

Хәажәкыра 12 рзы АҞӘАФОН иҟанаҵаз  афинанстә цхыраара иабзоураны, Аҧсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаҩцәа рнапхгараҿы еиҿкаан Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкыз аусмҩаҧгатәы.

Ари агәалашәаратә хәылҧазы аҿы аҧсуа естрада артистцәа рынагӡарала асцена иқәыҩуан аҧсадгьыл абзиабара иазкыз амузыкатә композициақәа, Владислав Арӡынба изкыз ажәеинраалақәа ирыҧхьеит Аҟәатәи ашколхәыҷқәа, асцена аҟнытә ҳаҭырлеи бзиабаралеи иҭәыз ажәақәа изырҳәон хшаҭара ҟамҵакәа зыҧсадгьыли зыуаажәлари аҵыхәтәанынӡа рымаҵ зуаз жәлар раҧхьагылаҩ, Аҧсны Актәи Ахада.

Ари ахәылҧаз хадаратәла хәаҧшыҩцәас  иамаз иреиуан ааигәа-сигәа иҟоу ашколқәа рҵаҩцәеи аҳәаахьчаҩцәа рырхәҭа иалоу аруааи. Аусмҩаҧгатә аиҿкааҩ, Аҧсны ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаҩцәа Рнапхгара афицар Марина Ашәба ишазгәалҭаз ала, ари ахәылҧаз ааӡаратә ҵакы аман.

Ишдыру еиҧш, 2015 шықәса – зыҧсҭазааратә мҩа Аҧсни Аҧсуа жәлари рразҟы иузаҟәымҭхо иадҳәалоу Владислав Григори-иҧа Арӡынба ишықәсны  иҧхьаӡоуп.

Хәажәкыра 12 рзы имҩаҧысыз ахәылҧаз - ари ашықәс азы Аҧсны Раҧхьаӡатәи Ахада изкны инарҭбааны зымҩаҧгара азҧхьагәаҭоу аусқәа рҟынтә ираҧхьатәиқәоу иреиуоуп. 

АҞӘАФОН апланқәа рҿы ирацәоуп зхаҭара ҕәҕәоу афырхаҵа, ауаҩы-алегенда, зыхьӡ зыжәлар ирылаҵәоу – Владислав Григори-иҧа  игәалашәара иазкны иазҧхьагәаҭоу апроектқәа. 

 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша