02-09-2015

Саида Агрба раҧхьатәи лсолатә концерт

news_name

Саида Агрба раҧхьатәи лсолатә концерт

Цәыббра 4, асааҭ 19:00 рзы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысуеит амузыкатә проект "Аҧсны Star"  аҿы аиааира згаз ашәаҳәаҩ Саида Агрба раҧхьатәи лсолатә концерт.   Уи лықәгылара  информациатә партниорс иамоуп – ахеидкыла АҞӘАФОН.

Аконцерт апрограммаҿы – агәыҧ «Solo» зыҧсы ҭоу раккомпонемент лыцырхырааны ашәаҳәаҩ иналыгӡоит  “Сымҩа” зыхьӡу  раҧхьатәи лальбом  аҟнытә Анри Гәымба авторс дызмоу  амузыкатә композициақәеи иара убас адунеи иадыруа ахитқәеи.  

Аҩналара хәыда-ҧсадоуп.

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша