09-04-2015

Ш. Д. Инал-иҧа иҭоурых-етнографиатә очеркқәа “Асаӡқәа” аҩбатәи аҭыжьымҭа

news_name

Ш. Д. Инал-иҧа иҭоурых-етнографиатә очеркқәа “Асаӡқәа” аҩбатәи аҭыжьымҭа

2014 шықәса анҵәамҭазы АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны иҭыҵит еицырдыруа аҧсуа ҵарауаҩ Шь.Д. Инал-иҧа иҭоурых-етнографиатә очеркқәа “Асаӡқәа” аҩбатәи аҭыжьымҭа.

Ашәҟәы актәи аҭыжьымҭа ҭыҵит Москва 1995 шықәсазы. 20 шықәса рышьҭахь аҭоурыхҭҵааҩ иҧшәма ҧҳәыс Мира Константин-иҧҳа Хотелашьвили-Инал-иҧа акьыҧхь иалзырхиаз  ари амонографиа ҭыжьын Аҟәа.

Уажәшьҭа акыршықәса ҵуеит Мира Константин-иҧҳа Шьалуа Денис-иҧа иус ацҵара даҿуижьҭеи. Аҭоурыхҭҵааҩ, археолог, Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы ажәытәӡатәи аҭоурыхи абжьаратә шәышықәсақәеи рыҟәша еиҳабыс иамоу, Мира Константин-иҧҳа аус адылулоит аҵарауаҩ иҭҵаарадырратә ҭынха аҭыжьра, ллагала дууп уи уи инапҩырақәа акьыҧхь разырхиара аус аҿы. 

Аусумҭа “Асаӡқәа” аҿы иацҵоуп Кавказ ажәлар маҷқәа ҳәа изышьҭоу ирызку аетнографиатә очеркқәа ркьыҧхьра.

 1864 ш. Кавказтәи аибашьра анҵәамҭазы асаӡқәа реиҳараҩӡак нхара ҳәа Ҭырқәтәылаҟа иқәҵит,  иара уиалагьы наӡаӡа Кавказ аетнографиатә хсаала ианыӡааит. Убри иахҟьаны, ҳаамҭазы гәыҧ-гәыҧла Ҭырқәтәыла раионқәак рҿы инхо асаӡқәа рыҭҵаара уадаҩуп, избанзар имаҷӡоуп урҭ рбызшәеи, ркультуреи, рфольклори ирызку ҷыдалатәи аусумҭақәа рбиблиографиа. 

Шь.Д. Инал-иҧа иусумҭа асаӡқәа ретникатә ҭоурыхи, ретникатә еимадарақәеи, иара убасгьы рыбзазаратә культура аганқәа зегьы ҭызҵаауа раҧхьатәи монографиоуп. Уи анҭыҵ нахыс аҭҵаарадырратә дунеи иалагалан Мрагыларатәи Амшынеиқәаҿықәтәи ажәларқәа рыбжьара аетникатәи аетнокультуратәи процессқәа ирызку аматериал ҿыцқәа.   Еиҳаракгьы азҿлымҳара ду амоуп амонографиа “Асаӡқәа” аҭоурыхҭҵааҩцәа рзы. Убри инадҳәаланы АҞӘАФОН аԥшьгарала атираж ахәҭак Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет абиблиотека иаҭан.

Иналукааша аҭоурыхҭҵааҩ Шь. Д. Инал-иҧа иусумҭақәа мазара дууп аҭҵаарадырратә дунеи аҿы, Аҭҵаарадырратә ҭынха ду зыжәлар ирзаанзыжьыз  Шьалуа Денис-иҧа ихьӡ наунагӡа аҧсуа ҭҵаарадырратә ҭоурых аҿы иаанхоит.

 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша