22-12-2015

Аҧсабара адоуҳа маӡа атәыла

news_name

Аҧсабара адоуҳа маӡа атәыла 

Ҧхынҷкәын 22 рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысуеит “Аҧсабара адоуҳа маӡа атәыла” зыхьӡу ахәылҧаз. Уи азкуп  апроект “Ишьхатәылоу Аҧсны/Ашықәс аамҭақәа” аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҧҵоу адокументалтә фильм “Ишьхатәылоу Аҧсны. Аӡын” аӡыргара. Ари афильм ахәаҧшцәа иранаҳәоит апроект аӡынтәи аетап шымҩаҧысуаз, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз иуникалтәу аекспедициақәа ртәы.

Аусмҩаҧгатә иалагоит асааҭ 18.00 рзы.

Аҩналара хәыда-ҧсадоуп.