07-07-2015

Аицлабра “АҞӘАФОН – 12 шықәса” аихшьаала

news_name

Аицлабра “АҞӘАФОН – 12 шықәса” аихшьаала

 

Ҧхынгәы 15 рзы АҞӘАФОН 12 шықәса ахыҵуеит. Амширатә ныҳәа амҩаҧгара аҳәаақәа ирҭагӡаны ахеилак аҿы ирыӡбеит уи иақәлацәоу – 12 шықәсанӡа  зхыҵуа ақәыҧшцәа рбаҩхатәрақәа раартразы алшара рырҭарц. Хаҭала дара рзы рашәара 22 инаркны ҧхынгәы 5 рҟынӡа асоциалтә ҳа Instagram аҿы иаҧҵан аицлабра “АҞӘАФОН – 12 шықәса”.

Ари аконкурс алахәхаразы  Instagram ахархәаҩцәа рдаҟьақәа рҿы ианырҵар акәын  АҞӘАФОН 12 шықәса ахыҵра иазку атемала иҭыху асахьа #деньрожденияаквафон ҳәа ахештег ацҵаны.

Акомпозициаҿы ихымҧадатәиу хәҭақәаны иҟан  ахыҧхьаӡара 12, АҞӘАФОН алоготип, уи акорпоративтә ҧшшәқәеи аҧхынтәи атематикеи.

Аконкурстә усумҭақәа рыхә ршьон ипрофессионалтәыз ажиури – Москватәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи Аҧснытәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи алахәыла Мариа Ҧлиеи, Аҧснытәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла Саид Возбеи.

Зегь реиҳа аинтерес зҵаз аусумҭа ҳәа иҧхьаӡан Есма Шамба авторс дызмаз акомпозициа. Уи иагьланашьахеит аицлабра аҳамҭа хада – ацхыраагӡа LTE зцу  апланшет HUAWEI MediaPad M1 8.0.

Иара убас аконкурс “АҞӘАФОН – 12 шықәса” аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҧҵан “Ахәаҧшцәа ргәы зызцаз изы аҳамҭа”. Уи аҿы аиааира лгеит зҭыхымҭа зегьы иреиҳаны алаикқәа еизнагаз, аашықәса зхыҵуа абонент қәыҧш Ариана Аиба. Ари аноминациаҿы ҳамҭас иҟан АҞӘАФОН аҟнытә аексклиузивтә футболкақәа 10  автор лҭыхымҭа рынҵара.

АҞӘАФОН рыдныҳәалоит аиааира згаз ақәыҧшцәа, ирзеиҕьанашьоит раҧхьаҟагьы арҿиаратә еихьӡарақәа!

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша