28-04-2014

АҞӘАФОН – Ахрик Цәеиба ихьӡ зху ашьапылампыл асразы ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи IV Ажәларбжьаратә реиндаҭлара аԥаратә цхырааҩ

news_name

АҞӘАФОН – Ахрик Цәеиба ихьӡ  зху  ашьапылампыл асразы  ахәыҷқәеи  ақәыԥшцәеи  IV Ажәларбжьаратә реиндаҭлара аԥаратә цхырааҩ

Лаҵарамза  18 инаркны 24-нӡа  Аҟәа ақалақь аҟны имҩаԥысуан  аԥснытәи, асоветтәи, урыстәылатәи, украинатәи ашьапылампыл асҩы, Асовет Еидгыла аспорт азҟаза Ахрик Цәеиба ихьӡ зхыу ашьапылампыл асразы ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи IV-тәи реиндаҭлара.

Аиндаҭлара аиҿкааҩцәа-Аԥсны Аҳәынҭқарра аспорти аҿари русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы, Аԥсны ашьапылампыл асра Афедерациа, Аҟәа ақалақь Ахадара, АК «Динамо» Аҟәа.

Аԥсны аспорт арҿиараҿы ари еиԥшу аицлабрақәа иаадырԥшуа ахәарҭара  азгәаҭо 

 Аилахәыра  АҞӘАФОН  АК «Динамо» Аҟәа аспорт азы аԥшьгара иҟанаҵаз иадгыланы ахахьы иагеит аиндаҭлара аԥаратә цхырааҩык иаҳасабла ақәгылара.

Аиндаҭлара  есышықәса рхы аладырхәуеит Урыстәылеи, Украинеи, Ҭырқәтәылеи Аладатәи Уаԥстәылеи   рыҟнытә акомандақәа.  Сынтәа  аицлабрақәа рхы аладырхәуеит абарҭ акомандақәа: «Бешикташ»  (Ҭырқәтәыла), «Шахтиор» (Донецк ), «Динамо» (Москва), «Академиа» (Краснодар), «Терек» (Грозныи), «Динамо» (Аҟәа), «Анџьи» (Махачкала), «Спартак» (Нальчик), «Спартак» (Цхинвал).

Аиҿкааҩцәа ргәы иҭоуп аиндаҭлара ибзиаӡаны амҩаԥгара. Аицлабрақәа аинформациатә  партниор – Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра – аиндаҭлара  ахҭысқәа ахәаԥшцәа ирбартә иҟарҵоит, есыҽны аефир аҿы ицәырҵло «Аиндаҭлара амшынҵа» захьӡу адырраҭараҿы иҟалоит аҽазыҟаҵарақәа рыҟнытә арепортажқәа, ахәмарцәа рҿынтә игоу аинтервиуқәа, иара убас  ачемпионат аҟнытә  асиужетқәа.

Ареспублика асасцәа рзы аиндаҭлара  аԥшәмацәа – АК «Динамо» еиҿнакаауеит аицлабра алахәыҩцәа рзы аҳәынҭқарра аҭоурыхтә баҟа хадақәа  ртәы зҳәо акультуратә программақәа.  

Лаҵарамза 24 аҽны аиндаҭлара ахыркәшара иазку ацеремониа аҟны иҟарҵоит бжьымш ицоз ачемпион ҳәа ахьӡ аԥсахаразы аицлабрақәа реихшьаала. Иара убас аӡбаҩцәа ркомиссиа иалыркаауеит иреиӷьу ашьапылампыл асыҩцәа абарҭ ахәмарратә ҭыԥ хкқәа хәба рҿы: амбахьчаҩ, ажәылаҩ, аҭаршәҩы, ахьчаҩ, абжахьчаҩ, иара  убасгьы аиндаҭлараҿы  иреиӷьхаз ахәмарҩы.

Ахәмарҩцәа руаӡәк иҭахоит акоманда «Бешикташ» афан-клуб аҟнытә аҳамҭа. Аилахәыра АҞӘАФОН ахаҭагьы АК «Динамо» Аҟәа иреиӷьхо ахәмарҩы изы иаԥнаҵеит ахатәы ҳамҭа. Аиндаҭларатә хәмаррақәа зегьы мҩаԥгахоит Аладатәи Ешыра ашьапылампыл асратә комплекс ҿыц аҟны.

Ҳәарада, ашьапылампыл асра абзиабаҩцәа зегьы шәнаҳаԥхьоит  Ахрик Цәеиба ихьӡ зху ашьапылампыл асразы  ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи  IV Жәларбжьаратәи реиндаҭларатә хәмарра ашҟа.

 Агәра аагоит аицлабрақәа аинтерес рыҵаны, угәы хызхуа ракәны ишыҟало.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша