Миссия компании

 

Аилахәыра  миссиас иамоу

14 шықәса қәҿиарала аимадаратә џьармыкьаҿы аусура – ари еихьӡара дууп иарбан хеидкылазаалак азы. Имаҷу аоператорк иаҳасабала иалагаз, АҞӘАФОН -  Аҧсны Аҳәынҭқарра амобилтә еимадара аџьармыкьаҿы иаҧхьагылоу астатус аиуит.  АҞӘАФОН – инарылукааша милаҭтә хьӡуп ҳреспубликаҿы!

АҞӘАФОН ҳтәылаҿы ателекоммуникациақәа қәҿиарала реизҳара иасимволуп, аҧсҭазаара иаланарҵәоит ҳаамҭа иашьашәалоу аимадаратә стандартқәа,  амилаҭтә економика зинеиҟарала иасубиектуп, ашәахтә шәараҿы инареиҳау еилахәыроуп, иҿырҧшыгоуп иаку аинтересқәа шьаҭас иҟаҵаны, ҟәышрылеи наҟ-ааҟ қьар аманы аҳәынҭқарреи аилахәыреи русеицураҿы.

14 шықәса рыҩнуҵҟала иаарҧшу алҵшәақәа зыбзоуроу Аилахәыра аусзуҩцәа рымч-рылша, рџьабаа ауп. Урҭ еснагь хықәкыс ирымоу  АҞӘАФОН ахархәаҩцәа рҭахрақәеи разыҧшрақәеи ирышьашәалоу есымшааира аизҳареи алҵшәа бзиақәа ралыршареи ауп.

Ҳусураҿы зегь иреиҕьу хәшьараны иҟоу, абриаҟара аамҭа ҳагәра ганы ҳнызмыжьуа ҳабонентцәа  рганахьала иҳамоу азхаҵара ауп. Имаҷҩым урҭ рхыҧхьаӡараҿы 14 шықәса раахыс АҞӘАФОН амаҵзура зхы иазырхәо.

Ҳара ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳабонентцәа ҧсахра ҟамҵакәа, ҳхеидкыла агәра ганы иахьҳацу азы. Ари нахысгьы ҳара  хымҧада ҳусура иацаҳҵалоит,  иазҳарҳалоит, ҳабонентцәа зегьы наҟ-наҟгьы ҧымкрада ҳаимадараҿы иҟазарц, наунагӡа ҳаицызарц азы! Ҳаҧхьаҟа иаатуеит акырӡа иҳараку алаҧшҳәаақәа, зҭакҧхықәра ҳараку аусқәа!

Ҳара аоптимист иблала ауп уаҵәтәи ҳҧеиҧш ҳшахәаҧшуа, агәра ганы ҳаҟоуп аиааирақәеи аихьӡарақәеи ҳаҧхьаҟа ишаҳзыҧшу  ала!