Иҭацәу аҭыԥқәа

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

АҞӘАФОН – Аҧсны Ареспублика раҧхьатәи амобилтә операторуп, ҳара ҳабонентцәа рзы иаартуп Амаҵуратә офисқәеи Аконтакттә центрқәеи, ҳара ишәыдаагалоит  зегь реиҳа иманшәалоу, ҳаамҭа иашьашәалоу атарифқәеи амаҵзурақәеи.

 Ҳара иаадыруеит Аҧхьагыларазы иаҭаху. Ҳара ҳаихьӡарақәа зегьы зыбзоуроу хҭак иҭазыршәуа ҳкоманда ауп. Ҳара ҳҿы аус руеит ззанааҭ бзиаӡаны издыруа, иазҟазоу, имариам аҳасабтәқәеи адҵа ҿыцқәеи рыӡбара иазхиоу ауаа, амбициақәа змоу ахацыркҩцәа.

Ҳара иаҳдыруеит ҳусзуҩцәа гәцаракрыла рзыҟазаашьа:

  •  Аҳамҭа рыҭара

 Ҳара еснагь ҷыдала ҳацклаҧшуеит аҳамҭа аҭара конкурс ҳасабла аҟаҵара, акомпенсациатә пакетгьы уникалла ашьақәыргылара. Рҿаҧхьа иқәгылоу адҵақәа қәҿиарала иназыгӡо аусзуҩцәа ашықәстәи апремиа роуеит.

  • Аусзуҩцәа ҿыцқәа

Ҳара иаҳҭахуп аусзуҩы ҿыц раҧхьатәи аусура мшы инаркны Ҳаилак дахәҭакны ихы ибаларц, убри азы иҿыцу аусзуҩы  раҧхьатәи ишьаҿақәа инадыркны активла ацхыраара иаҳҭоит дашьцыларц, данааларц азы, афронт-офис ахәҭақәа зегьы ракәзар, заанаҵы аҵара дахрыжьуеит.

  • Акадртә актив

Аилак аҿы аофистә вакансиақәа ҩба рахьтә акы акадртә актив ала ихадырҭәаауеит. Убри азы ихадоу  ҳусзуҩцәа еиҧҟьарада аҵара иаҿуп,   урҭ рҵаразы ахарџь ҳхахьы иаҳгоит.

  • Акорпоративтә усмҩаҧгатәқәа

Ҳара аусеицура инаҷыдангьы, бзиа иаабоит акорпоративтә усмҩаҧгатәқәа рҿы аҧсшьара. Есышықәса ҳара имҩаҧаҳгоит акорпоративтә ныҳәақәа хҧа – АҞӘАФОН амшира, цәыббразы Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш, Ашықәс Ҿыц.  Ҳусзуҩцәа урҭ аныҳәақәа рҿы еснагь ирзыҧшуп аинтерес зҵоу ахәмаррақәа, ақәгыларақәа, аколлегацәа рыҿцәажәара, афуршетқәа, аныҳәазы ирхиоу аишәақәа. Ишаҧу еиҧш, ахәылҧаз аҿы ихадоу хҭысны иҟоуп иреиҕьу  аилак аусзуҩцәа аҳамҭақәа рыҭара.  Иара убас ҳара имҩаҧаҳгоит уажәшьҭа итрадициахахьоу абонентцәа Рмаҵзуратә Центрқәа зегьи Аконтактә Центри рконкурс. Уаҟа далаҳхуеит иреиҕьу аусзуҩы.

  • Аспорти гәыцқьарала аҧсҭазаара амҩаҧгареи

Ҳара ҳусзуҩцәа ргәы бзианы, ренергиа хыш-хыҵәо иҟазарц азы, урҭ  рыбжьара активла иалаҳарҵәоит, аҭагылазаашьагьы раҳҭоит гәыцқьарала аҧсҭазаара амҩаҧгаразы. Аусзуҩцәа рзыҳәан азинҷыда ылхуп аспорттә залқәа рышҟа аныҟәаразы, қьырала игоуп ашьапылампыласцәа рыдәқәа.

  • Аҭышәынтәалара

Аусзуҩцәа рзы аҭышәынтәалара ҳәаақәызҵо – ҭынч, қәҿиарала русура алыршароуп. Ҳара ҳусзуҩцәа есымза иҭышәынтәаланы, еиҧмырҟьаӡакәа ауалафахәы инагӡаны  ироуеит. Ҳара ахәдықәҵара ҟаҳҵоит, ҳусзуҩцәа азакәанҧҟараҿы иазҧхьагәаҭоу асоциалтә зинҷыдақәа зегьы шроуа ала.

  •  Аизҳара

Ҳусзуҩцәа рзы компетенциа хаданы иҟоуп – есааира ҧхьаҟа ацара, аҧшаара, аизҳара. Ҳара ҳусзуҩцәа  Урыстәыла иреиҕьу аҵаратә центрқәа рҿы аҵара рҵартә еиҧш аҭагылазаашьа раҳҭоит,  ҳусзуҩцәа рдырреи рҧышәеи ирыцырҵарц азы аҭыҧ аҿы еиҿаҳкаауеит акорпоративтә ҵара. Иара убас ҳара иҳамоуп изҭаху зегьы рзы хәыда-ҧсада аҧсуа бызшәа дырҵара иазку акурсқәа.

  • Аманшәалара

Ҳара ҳусзуҩцәа ҳреиҷаҳауа,  зегь иреиҕьу  алшара рзаҧҵара  ҳҽазаҳшәоит, аусураҿы ирзеиҿаҳкаауеит аҭагылазаашьа бзиа: ҳаамҭа иашьашәалоу амаҭәахәқәа, иҧшӡоу, икомфорту аофис, ишәарҭадоу, ҳаамҭазтәи атехникала еибыҭоу аергономикатә усуратә ҭыҧқәа. Ашьыжь аусурахьи ахәылбыҽха аҩныҟеи ҳусзуҩцәа ныҟәнагоит комфортла еибыҭоу автобус, уи ирнаҭоит  аусура мшы аҧхьеи уи ашьҭахьи рыҧсы ршьартә еиҧш аҭагылазаашьа. Ҳара ҳакрыфарҭаҿы ихааны, хәмариала иҟарҵоит еиуеиҧшым афатәқәа.  Ҳусзуҩцәа ирымоуп алшара шьыжьи, шьыбжьони, хәылбыҽхеи уаҟа акрыфара.

 

Шәара шәырцәымшәозар амбициатә хықәкқәа, ишәылшозар акомандаҿы аусура, шәҿаҧхьа иқәгылоу адҵақәа рҿиаратә ҟазшьала шәрызнеиуазар, Шәазхиазар иҿыцу шәеигәырҕьаны аҵара -  ҳара ҳаимҩалацәоуп!

Ҳара ҳаигәырҕьоит, Шәара ҳкоманда шәахәҭакны шәҟалар!

 

Ҳара ҳалахәхара алыршаразы иҟаҵатәу:

1. Иаашәышьҭ шәрезиуме абри аелектронтә ҭыӡҭыҧ ала: resume@aquafon.com

2. Ихашәырҭәаа  авакансиа иадҳәалоу аелектронтә анкета.

3.  Ахҩылаа ҭганы, ихашәырҭәаа ҵаҟа иадҳәалоу анкета, иаҳзаашәышьҭ уи абри аелектронтә ҭыӡҭыҧ ала: resume@aquafon.com, мамзаргьы инашәышьҭ еиҳа ишәзааигәоу АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центр ашҟа.

 Иадҳәалоу адокументқәа

 

Прикрепленные документы