Абонентцәа<br>рымаҵ аура

Абонентцәа рымаҵ аура

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

Аимадаратә Центр

Абоненттә маҵзура азҵаарақәа рзы Шәара шәадҵаалар шәылшоит «АҞӘАФОН-GSM» Аимадаратә Центр аҟны ҭелла: 9999

Абоненттә маҵзура азҵаарақәа рзы Шәара шәадҵаалар шәылшоит «АҞӘАФОН-GSM» Аимадаратә Центр аҟны ҭелла: 9999 (АҞӘАФОН абонентцәа рзы), алокалтә аформат аҟны 999 99 99, жәларбжьаратәи аформат: +7 940 999 99 99 (егьырҭ аоператорцәа рабонентцәа рзы), мамзаргьы аелектронтә почтала info@aquafon.com

АҞӘАФОН абонентцәа рзы Иарку Акционертә Еилазаара  «АҞӘАФОН-GSM» Аимадаратә Центр ахь асра хәыда-ԥсадоуп.

АҞӘАФОН абонентцәа рзы Иарку Акционертә Еилазаара  «АҞӘАФОН-GSM» Аимадаратә Центр +7940 999 99 99 ахь  Урыстәлаҿы Ароуминг  аан асра хәыда-ԥсадоуп.

 

Аимадаратә Центр аусура аихшанҵа:

09:00-21:00 (есыҽны)

 

Абоненттә номер алхра

Иалх иԥшӡоу, згәынкылара мариоу аномер

Аимадара АҞӘАФОН аҿакраан ма аномер аԥсахраан Шәара ишәымоуп алшара аҿакраан иҟоу рахьынтәи иԥшӡоу, згәынкылара мариоу амобилтә телефон аномер алхра.

 

Ахәԥса

Араӡнытә номер

1 500 мааҭ

Ахьтәы номер

3 300 мааҭ

Аплатинатә номер

5 000 мааҭ

Абоненттә номер алхра

390 мааҭ

 

 

Аиқәшаҳаҭра аиуристтә хаҿы ихьӡала ашәҟәы аҭагалара

Ус хаҿык иҟнытә  аиуристтә  хаҿы  ихьӡала  ашәҟәы  аҭаҩра

Ус хаҿык иҟнытә аиуристтә хаҿы иахь  аиқәшаҳаҭра ашәҟәы аҭагалара  ҟалоит  Абонентцәа  Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны хаҭала  ахаҿы  ихаҭа, ма  аиҿкаара  анапынҵа  зауз  ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» арадиоҭелтә еимадара амаҵзура  аиуразы аиқәшаҳаҭра зыбжьазҵахьаз  ихаҭа уахь  инеира ала. Анапынҵа змоу ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM»-и  иареи  аиқәшаҳаҭра  рыбжьамзар, усҟан  уа раԥхьа ирыбжьарҵоит арадиоҭелтә еимадара  амаҵзура  аиуразы аиқәшаҳаҭра. Аганқәа рыҩбагьы  ирымазар  ауп, хымԥада, ахаҭара  ҳәаақәызҵо  ашәҟәы (апаспорт).

Аиуристтә  хаҿы  иҟнытә аиуристтә хаҿы иахь  аиагара

Аиуристтә хаҿы иҟнытә  аиуристтә хаҿы иахь аиқәшаҳаҭра  аиагара  мҩаԥысуеит Абонентцәа  Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҿы ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» арадиоҭелтә  еимадара амаҵзура  аиуразы  аиқәшаҳаҭра  зыбжьазҵахьаз аиҿкаарақәа рыгәрагаҩцәа  хаҭала  радҵаарала. Агәрагаҩы  ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» аиқәшаҳаҭра имамзар, усҟан  раԥхьа арадиоҭелтә еимадара  амаҵзура  аиуразы аиқәшаҳаҭра аҭахуп  рыбжьаҵара. Аганқәа усҟан ирымазар рыхәҭоуп рхаҭара  ҳәаақәызҵо ашәҟәы (апаспорт).

Аиқәшаҳаҭра  даҽаӡәы иахь аиагара          

130 мааҭ

 

Аиқәшаҳаҭра хаҿык иҟнытә даҽа хаҿык иахь аиагара

Ахаҿы иахьтә даҽа хаҿык иахь аиқәшаҳаҭра аиагара  ҟалоит  Абонентцәа  Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны хаҭала  анеирала издызкыло ибзоурала Аганқәа усҟан ирымазар ауп ахаҭара ҳәаақәызҵо ашәҟәы (апаспорт).

Аиуристтә хаҿы иҟнытә хаҿык иахь аиагара

Аиуристтә хаҿы иҟнытә хаҿык иахь аиагара  ҟалоит арадиоҭелтә еимадара  аиуразы ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» аиқәшҳаҭара зыбжьазҵахьаз аиҿкара Агәрагаҩы хаҭала абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ ашҟа адҵаарала, иара убас издызкыло агани рыла. Аганқәа рыҩбагьы ирымазар ауп рхаҭара  ҳәаақәызҵо ашәҟәы (апаспорт).

        

Аиқәшаҳаҭра  даҽа  хаҿык  иахь аиагара 

130 мааҭ

Ахәхшәааратә план  «Инфинити» ахь аигара

0     мааҭ

                                              

 

Амаҵзура аамҭала аанкылареи аусура аиҭаларгареи

Аоператор  азин  имоуп  Абонент  аимадара  амаҵзура  изыҟаҵара  аамҭала  аанкылара  абарҭ  аҭагылазаашьақәа  раан:

  • Абонент ихыԥхьаӡаларҭаҿы  иҭоу  аԥара  аҿыхра аҳәаа  иахымсыцзар;
  • Абонент хәы змоу амаҵзура   90 (ԥшьынҩажәижәаба) календартә мшы рыҩнныҵҟа ихы иаимырхәзар;
  • Абонент  Аоператори егьырҭ Абонентцәеи аԥхасҭа риҭозар;
  • Абонент изныкымкәа  аус зымуа ахәԥсашәара  акарта аус  арура иҽазикзар.

Аоператор  ихәҭоуп Абонент  аимадара амаҵзура изыҟаҵара ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM»  аимадара  аоператор  иҿаԥхьа  иқәыз ауал аганқәа ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра аҽҳәара нҵәаанӡа иаиркызар.

А-SIM-карта аԥсахра

Шәмобилтә телефон шәцәыӡзар, зинда ахархәара ҟамларазы, Шәара шәнеироуп АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ ахь, шәномер иаразнак иааныркыларц азы.

Шәара шәтелефон аномер а-SIM-карта иҭоу еиҭашақәшәыргылар шәылшоит, шәыхәхшәааратә плани шәбаланси рыла. А-SIM-карта иара аномер ала иеиҭашьақәыргылахоит ишәцәыӡзар, мамзар иԥхасҭахазар, иара убас 10-нтә ииашамкәан PUK-код аналажәгала ашьҭахь аусура аанкылазар, усҟан шәбаланс зегьы ииагахоит а-SIM-карта ҿыц ахь.

Уаанӡатәи шә-SIM-карта аусура аанкылахоит ахала, аҿыц аншәоулак.

Акорпоративтә хархәаҩцәа амаҵзура «А-SIM-карта аԥсахра» рыдгалахоит АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны (аҭыӡҭа: Аҭынчра  апроспект, 80), агәрагаратә хаҿы иарзаҳал ала иара дызхаҭарнаку аиҿкаареи Иарку Акционертә Еилазаара  «АҞӘАФОН-GSM»-и  амобилтә радиотелефонтә еимадара амаҵзурақәа рыдгаларазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала, ихаҭара аазырԥшуа адокумент   (апаспорт)  анцәыригалак ашьҭахь.

А-SIM-карта аԥсахра

85 мааҭ

Ахәхшәааратә план «Алимитдатә»

абонентцәа рзы

                   0 мааҭ

Абоненттә номер аԥсахра

«Абоненттә номер аԥсахра» амаҵзура рзыҟаҵахоит  ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» арадиоҭелтә еимадара амаҵзура аиуразы аиқәшаҳаҭра зыбжьаз абонент Абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ  аҿы ихаҭара ҳәаақәызҵо ашәҟәы (апаспорт) анимоу.

Аиуристтә хаҿқәа рзы «Абоненттә номер аԥсахра» амаҵзура ҟарҵоит ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» арадиоҭелтә  еимадара амаҵзура аиуразы аиқәшаҳаҭра зыбжьахҵаз аиҿкара Агәрагаҩы иалеигало арзаҳал ала, иара ихаҭара ҳәаақәызҵо ашәҟәы (апаспорт) анимоу.

Абоненттә номер аԥсахра

Ахәԥса

Ахәхшәааратә планқәа зегьы  рабонентцәа рзы            

180 мааҭ

 

                           

Аиқәшаҳаҭра аԥыхра

Арадиоҭелтә  еимадара  амаҵзура  аиуразы  Аиқәшаҳаҭра  Аганқәа реиқәшаҳаҭрала   иҟалоит  иарбан аамҭазаалак азы аԥыхра.

Абонент азин имоуп иара иган аиқәшаҳаҭра ишалҵуа азы Аоператор  адырра изышьҭра абас ала:

- Аоператор ишьақәиргылаз аформала Аиқәшаҳаҭра дшалҵуа азы арзаҳал аҩра, Абонент иарзаҳал хаҭала инаганы Аоператор иҭара. Аоператор арзаҳал аниқәшәаз амш Аиқәшаҳаҭра аԥыхра амш акәхоит,

ма

- Абонент  90 (ԥшьынҩажәи жәаба) мшы, уи инеиҳангьы хәы змоу аимадара амаҵзура ихы иаимырхәар, уи аҭагылазаашьагьы  Абонент иганахь ала Аиқәшаҳаҭра далҵыр  шиҭаху  шьақәзыряәяәо акы акәхоит абри аҽҳәара анынҵәалак нахыс.