Агәабзиарахьчара

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

Агәабзиарахьчара – зегь реиҳа ауаа ирзааигәоу, аҳәынҭқарраҿы акырӡа зҵазкуа социалтә хырхарҭоуп. Хаҭала иара ауп атәылауаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи аиқәырхаразы аҭакҧхықәра зду. Агәабзиарахьчара  ацхыраара азуа, АҞӘАФОН амилаҭ рыҧсҭазаара аҩаӡара аиқәырхареи, уи  аизырҳареи аус аҿы ахатәы лагала ҟанаҵоит.     

--------------

Агәыҳалалратә акциа «Еицаҳахьчап аҧсҭазаара»

Амедицинатә цхыраара иазгәаҟуа ахәыҷқәа рыҧсҭазаара аиқәырхаразы АҞӘАФОН абонентцәа рхатәы лагала аҟаҵара мап шацәырымкуа агәра ганы, 2012 шықәса раахыс Аилахәыра ирынаҭеит алшара, ачымазцәа хәыҷқәа рзы аҧара еизгара иазку агәыҳалалратә акциа «Еицаҳахьчап аҧсҭазаара» алахәхара. Уи акциа акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» иацымҩаҧыргоит .

Ари акциа мҩаҧысуанаҵы, АҞӘАФОН иалнакаахьеит уи аҿы зегь реиҳа активра зуа алахәцәа хәҩык. Урҭ ирыхҵан 2Зегь реиҳа згәы былуа 2012 шықәсазтәи абонент» ҳәа ахьӡ.  Есшықәса имҩаҧысуа Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана»  Аҩбатәи иаарту аизараҿы урҭ дасу иранашьан агәалашәаратә стела «Ацыгәхьаакратә лаҕырӡы»,  ҕәҕәала ичмазаҩу ахәыҷқәа систематәла ацхыраара ахьрырҭо азы ирыҭан аҳаҭыртә шәҟәы, иара убас  АҞӘАФОН аҟнытә акорпоративтә аалыҵқәа реизгеи ашәҭқәеи. Аҩбатәи иаарту аизара мҩаҧысит мшаҧы мза, 2013 шықәсазы.

--------------

АҞӘАФОН Агәыӡератәи арратә хәышәтәырҭа иазыҟанаҵо афинанстә цхыраара 

Инеиҧынкыланы акыр шықәса Аилахәыра АҞӘАФОН аспонсортә цхыраара ҟанаҵоит Агәыӡератәи арратә хәышәтәырҭа медицинатә техникала аиқәыршәара иазку апроект аларҵәаразы. Раҧхьатәи аетап аҿы ахыбра аиҭашьақәыргыларатә усқәа ҟаҵан, қәҿиарала аусуразы иаҭаху ахьчаратә нормақәеи аҩаӡарақәеи зегьы азгәаҭаны. 

Анаҩс Аҧсны раҧхьаӡа акәны уаҟа иаартын “Акомпиутертә томографиа” ауада. 

Иахьа уажәраанӡагьы АҞӘАФОН ари арратә хәышәтәырҭа ацхыраара анаҭоит. АҞӘАФОН афинанстә цхыраара иабзоураны, атравматологиатә ҟәша иаиуит ачымазцәа рыхәшәтәразы иаҭахыу аметаллеибыҭақәеи “Елизаров иаппаратқәеи”.  Аусура иаларгоуп алазертә хирургиа ауада. Уи еибыҭоуп артроскопиатәи, аурологиатә имаҷу аинвазивтә ҧҟарақәа рзы иаҭахыу ҳаамҭазтәи амаҭәахәқәа рыла.

2012 шықәса лаҵара мзазы АҞӘАФОН аҧара азоунажьит арратә хәышәтәырҭа ахирургиатә ҟәшаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгаразы.

АҞӘАФОН хылаҧшрада иннажьуам ари арратә хәышәтәырҭа  амедициантә персонал рквалификациа аизырҳара иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбара аус аҿгьы. Уи ацхыраара ҟанаҵоит Москвеи Санкт-Петербурги иреиҕьу ахшәтәырҭақәа рҟынтәи иналукааша Урыстәылатәи аспециалистцәа Аҧсныҟа раагараҿы. Иара убас АҞӘАФОН инагӡаны ахахьы иагеит иласу амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы иаҭаху атехникала еиқәыршәоу аҧсҭаҵаратә мобиль аахәаразы аҧарашәара.

--------------

Абиохимиатә анализи ИФА – адиагностика аҟаҵаразы алабораториа “АҞӘА +” аартра.

2008 шықәса, лацарамза азы имҩаҧысит абиохимиатә анализи ИФА-и адиагностика аҟаҵаразы алабораториа “АҞӘА +” аартра. Ҳаамҭа иашьашәалоу амедицинатә маҭәахқәа рхархәара алшара ҟанаҵоит ачымазара хкқәа жәпакы адиагностика рзура. Уажәшьҭа амедицинатә гәаҭара зҭаху ҳтәылауаа аҳәаанырцә ацара рықәшәаӡом, урҭ рзы ҳреспубликаҿы иаартуп раамҭеи рҧарақәеи аекономиа рзызуа, зылшарақәа акыр иҭбаау алабораториа. Уи алабораториа ахә ҳаракны иршьоит ахәшәтәра знапы алаку ҳреспублика аҳақьымцәагьы, “АҞӘА+” ииашаны, иақәшәаны  иҟанаҵо  адиагностикатә дыррақәа урҭ русураҿы акыр ицхыраагӡаны иҟоуп.

--------------

Ахәыҷқәа-хымхәацәа рҭаацәа Рассоциациа “Зхы иақәиҭу ашьаҿа” ацхыраара

Мызкы инаркны 14 шықәса зхыҵуа рҟынӡа, аныҟәара злымшо ахәыҷы чымазцәа  ршьапы рықәыргылара иазкыз апрограмма алыршаразы 2007 шықәса инаркны ҩышықәса рыҩныҵҟала, есымза иааиҧмырҟьаӡакәа АҞӘАФОН иҟанаҵон  аҧаратә цхыраара. Ахәыҷқәа ирырҭон цәеи-жьылеи еиҧш, апсихологиатә цхыраарагьы, есымша имҩаҧыргон амассажтә курсқәа, ахәшәтәратә баҩырҵәыра, аортопедтә шьҭаҵара.

Арҭ ашықәсқәа рзы иҟаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны иалыршахеит аусзуҩцәа рхыҧхьаӡара аиҵыхра: ацентр аҿы дҟалеит амассажҟаҵаҩы, ахәшәтәратә баҩырҵәыра аинструктор. Ҩынтәны еиҳахеит иаҭаху ацхыраара ззыҟарҵоз ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара. Уи инаҷыдангьы, есышықәса лаҵара 1 азы – “Ахәыҷқәа Рымш” аан – “Итәыму хәыҷы дыҟаӡам” ҳәа ахьӡҵаны, АҞӘАФОН аныҳәа рзымҩаҧнагоит Ассоциациа аҟнытә ахәыҷқәа– еиҿыркаауеит ақьачақьцәа рҭаара, акьанџьатә спектакльқәа рырбара, ахәыҷқәа ирырҭоит еиуеиҧшым аҳамҭақәеи агәалаҟазаара бзиеи.

--------------

Апсихологиатә цхыраара АЦЕНТР аматериалтә дгылара азура

Жәабран мза, 2007 шықәса инаркны 2008 шықәса нҵәаанӡа АҞӘАФОН аматериалтә цхыраара анаҭон апсихологиатә цхыраара Ацентр “Гармониа”. АҞӘАФОН афинанстә цхыраара азнауан иманшәалам аҭаацәа рҿы ирааӡо ахәыҷқәа апсихосоциалтә реабилитациа рзыҟаҵареи рпсихологиатә гәабзиара арыҕәҕәареи хықәкыс иҟаҵаны  Ацентр имҩаҧнагоз апрограмма.

Аспонсортә цхыраара аҭахын, аибашьра аани аибашьра ашьҭахьи астресс зауз ахәыҷқәа рпроблемақәа рыӡбара иацхраауаз, ахәмарра ҟазшьа змаз абаҩырҵәырақәа рымҩаҧгаразы.

--------------

Ареспубликатә реабилитациатә Центр (РРЦ) ацхыраара азура

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иахҟьаны ихымхәацәаны иаанхаз аветеранцәа рыцхыраара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Гагратәи Ареспубликатә Реабилитациатә (ашьапы ақәыргыларатә) Центр аҩныҵҟатәи аҭахрақәа рзыҳәан АҞӘАФОН  цәыббра мза, 2005 шықәса инаркны, изныкымкәа аҧара рацәаны иазылырҩаахьеит. Иара убас, АҞӘАФОН традициала иҟанаҵо ацхыраара анаҩсгьы, 2008 шықәса жьырныҳәа мзазы ари Ацентр ҳамҭас ианаҭеит аибашьцәа-хымхәацәа араҟа рыҟазаара маншәаланы, икомфортны иҟаларц азы иаҭаху  атехника.

--------------

ВИЧ-инфеқциа змоу Ареспублика Аҧсны атәылауаа рҭаацәарақәа рҟнытә ахәыҷқәа аматериалтә цхыраара рыҭара

СПИД иаҿагыланы ақәҧара иазку Адунеизегьтәи амш инақәыршәаны еиҿкаау апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, АҞӘАФОН аамҭа-аамҭала аматериалтә цхыраара рзыҟанаҵоит ВИЧ-инфекциа змоу Ареспублика Аҧсны атәылауаа рҭаацәарақәа рҟынтә ахәыҷқәа .

ВИЧ-инфекциа змоу иҕару аҭаацәа рҿынтәи ахәыҷқәа  АҞӘАФОН аҟнытә ҳамҭас ирыҭан аӡынтәи аимаақәеи хыхьтәи ашәҵатәқәеи.