Аҵара

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

Аҧсны Аҳәынҭқарра аинтеллекттә лшарамчы аиқәырхареи аизырҳареи хықәкыс иҟаҵаны, Аилахәыра АҞӘАФОН аспонсортә дгылареи агәыҳалалратә цхыраареи ирыбзоураны ироуа алшарақәа  зегьы  рҟнытә акрызҵазкуа хәҭа дук азнархоит аҵара  иаҵанакуа аусмҩаҧгатәқәа.     

АҞӘАФОН  аамҭа-аамҭала аматериалтә цхыраара рзыҟарҵоит Аҧсны иреиҳаӡоуи, абжьаратәи аҵараиурҭақәа, иара убасгьы  ахәыҷбаҳчақәа.

  -------------

ААУ абазала Академиа Cisco аартра 

2013 шықәса жәабран мзазы Аилахәыра АҞӘАФОН ацхыраарала Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет абазала имҩаҧысит аҭыԥантәи Аҳатә академиа Cisco аартра.

Аилахәыра Cisco Systems аспециалистцәа аус здырулаз Cisco Networking Academy (CNA) аҳатә технологиақәа рганахьала иҟоу егьырҭ аналогқәа ирҿырҧшны уахәаҧшуазар,  зегь реиҳа методикала еиқәыршәоу, ифундаменталтәу программоуп. Уи апрограммала есышықәса аҵара рҵоит 500  нызықьҩык астудентцәа 8000 инареиҳаны академиақәа рҿы, 164 тәыла рҟны. Ари апрограмма ҵакыс иамоуп атеориеи апрактикеи рганахьала апроект ҟаҵараҿы аспециалистцәа фундаменталтәла разыҟаҵара, еицазхаҵоу астандартқәеи аҳасабқәеи ахархәара рзуны, алокалтәи аглобалтәи ҳақәа рыргылареи ртехникатә мҩаҧгареи.

Асертификациа змоу Академиа арҵаҩцәа ААУ абазала имҩаҧыргоит акурсқәа абарҭ ахырхарҭақәа рыла: IT Ашьаҭақәа  акомпиутерқәа  апрограммақәеи аппаратқәеи рыла реиқәыршәара, иара убасгьы CCNA Discovery.

 -------------

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа хьыӡҳәалатәи астипендиақәа рыҭара

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» 2006 шықәсазы иаҧнаҵеит Аҧснытәи ҳәынҭқарратә университет астудентцәа рзы хьыӡҳәалатәи астипендиа. 

Убри аахыс АҞӘАФОН ААУ афакультетқәа зегьы рҟнытә ҩыџьа есымза астипендиа рнаҭоит.  АҞӘАФОН астипендиа зауа, аҵара бзиаӡаны изҵо, убасгьы Иреиҳаӡоу аҵараиурҭаҿы  ауаажәларратәи  астуденттәи ҧсҭазаара активла зхы алазырхәуа,  АҞӘАФОН хьыӡҳәалатәи астипендиа ашьақәыргылара иазку Акомиссиаҿы аиҿцәажәара иахысыз астудентцәа роуп.

Астудентцәа аҵарадырра ашҟа разҿлымҳаразы аџьшьара рыҭо, АҞӘАФОН ҩынтә иазнарҳахьеит астипендиа. Уи анаҧҵаз 500 мааҭ ыҟазҭгьы, 2007 шықәсазы 1000 мааҭ рҟынӡа иацҵан, 2009 шықәсазы 2000 мааҭ рҟынӡа.

 -------------

ААУ Абизнес-ресурстә центр абиблиотекатә фонд ахарҭәаара

2010 шықәсазы Аилахәыра АҞӘАФОН ААУ абитуриентцәеи астудентцәеи ишырҭаху рхы иадырхәарц азы, ауниверситет Абизнес-ресурстә центр ҳамҭас ианаҭеит  аекономика иазку 120 рҵага шәҟәы.

 -------------

ААУ ахыбраҿы «Аинтернет-клуб» аартра

2009 шықәса, жәабран мзазы Аилахәыра АҞӘАФОН афинанстә цхыраарала Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаартын «Аинтернет-клуб». Аклуб аартра уаҩы ибаратәы иҟоу хҭысны иҟалеит ауниверситет аҧсҭазаараҿы. Уажәшьҭа астудентцәа зегьы рҵараиурҭа гәакьа аҭӡамцқәа рыҩныҵҟа Аинтернет аинформациатә ресурсқәа рхы иадырхәартә еиҧш инарҭбааны алшара роуит. Иара убас, Аилахәыра АҞӘАФОН  ауп Аклуб ахархәаҩцәа 3G Аинтернет-трафик рыҭаҩыс иҟоугьы.

 -------------

Аилахәыра АҞӘАФОН афинанстә цхыраара иабзоураны иалыршахеит аҧсуа студентцәа  ҳтәыла анҭыҵҟа изныкымкәа рцара

2007 шықәса рзы иалыршахеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет астудентцәа Египетҟа (Мысраҟа) рцара.

 -------------

2006 шықәса, мшаҧы мзазы Аҟәатәи Иаарту Аинститут астудентцәа Реидгыла ахаҭарнакцәа дәықәҵан Ростов ақалақь ашҟа. Урҭ араҟа раҧхьаӡа акәны рхы аладырхәит «Кавказ – ҳара иаҳзеиҧшу ҳаҩноуп» зыхьӡу есышықәсатәи Жәларбжьаратәи астудентцәа рфестиваль.   

Убри инаҷыдангьы, АҞӘАФОН изныкымкәа ацхыраара ҟанаҵахьеит Аҳынҭқарра Иреиҳаӡоу Аҵараиурҭақәа рҿы аушьҭратә хәылҧазқәа рымҩаҧгараҿы, уи азы ҷыдала аныҳәатә программақәа еиҿкаауа, ҳамҭак аҳасабала хәыда-ҧсада бжьылатәи аимадаразы асертификатқәеи асувенирқәеи рыҭо.

 

Ашколқәа рзы асоциалтә акциақәа:          

Асоциалтә проект «Ҧхьаҟа ҳаицны!»

2008 шықәсазы АҞӘАФОНи Аҟәатәи ақәыҧшцәа рыҩны «Диуна» иатәу аҿар рклуби қәҿиарала еицынарыгӡеит асоциалтә проект «Ҧхьаҟа ҳаицны!». Апроект хықәкыс иамоуп  Аҧсны ақыҭа школқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рырҿиаратә лагамҭа аизырҳара ацхыраареи урҭ рхахәшьара ашьҭыхреи. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧыргоит атренингқәа. Урҭ хықәкыс ирымоуп акоманда аиларҵәара,  аиҳабацәеи абжьаратәқәеи  ахәҭақәа рзы ашаха еимдаратә курсқәа, аҭыхымҭақәа рконкурс, аҧшқацәа рыхшыҩ иаззырҳауа ахәмаррақәеи.

 Апроект ахықәкы хада – ацентр иацәыхараны иҟоу Аҧснытәи ашколқәа рпроблемақәа ауаажәларра разхьарҧшра.

 -------------

Ҟәланырхәа ақыҭаҿтәи ашкол  хылаҧшра азура

2006 шықәса раахыс Аилахәыра АҞӘАФОН афинанстә цхыраара анаҭоит Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәатәи абжьаратә школ. 2006 шықәса, жьырныҳәа мзазы АҞӘАФОН ари ашкол ҳамҭас ианаҭеит программала еиқәыршәаны иҟаҵаз акомпиутерқәа фба. Уи иабзоураны ашкол аҵаҩцәа ироуит алшара акомпиутертә класс ашҟа аныҟәара,  аперсоналтә компиутер аҿы аусура рылшартә еиҧш ахархәаратә ҧышәа аиура. Убри ашықәс инаркны иахьа уажәраанӡагьы Аилахәыра ацхыраара рнаҭоит ашкол арҵаҩратә еилазаара – есымза 15 000 мааҭ аҧара рзыршәоит.

 -------------   

2012 шықәса хәажәкыра мзазы Аилахәыра АҞӘАФОН  Е.А.Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи  абжьаратәи ашкол№5 ацхыраара анаҭеит ахореографиатә кружок иалоу аҵаҩцәа  акәашагатә маҭәа ҿыцқәа рзаахәараҿы. Ашкол иазоужьын акәашагатә костиумқәа 35 цыра злаархәаша аҧара.

 -------------

2010 шықәса раахыс Аилахәыра АҞӘАФОН  аинтеллектуалтә хәмаррақәа ирызкны Аҧсны Ачемпионат иаспонсороуп. Уи аҳәаақәа  ирҭагӡаны  имҩаҧысуеит ахәмаррақәа ҩ-хкык – «Иарбан? Иаба? Ианба?» ахәмарра аспорттә версиеи Бреин-ринги, иара убас Аҟәатәи ақәыҧшцәа рыҩны «Диуна» иатәу аҿарацәа рклуб инанагӡон.

 -------------

Аилахәыра АҞӘАФОН  2010 шықәса, хәажәкыра мзазы ҷыдала аҧсуа школқәа ирызкны алагарҭатә классқәа рзы иҭыжьыз 23 нызықь тетрад Аҧсны Аҳәынҭқарра араионқәа рҵара ҟәшақәа зегьы, ашкол-интернатқәеи, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу ацхыраагӡатә школи ирынаҭеит.

 -------------

2005 шықәсазы Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол  АҞӘАФОН иазоунажьит аҧара, аклассқәа  ашколтә ҩнымаҭәала реиқәыршәаразы, иара убас иалыршан ашкол  ахыб аиҭашьақәыргыларазы афинанстә цхыраара аҟаҵара.

 -------------

Ахәыҷбаҳча «Алашара» агәыҳалалратә цхыраара азыҟаҵара

2007 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа Аилахәыра АҞӘАФОН афинанстә цхыраара азыҟанаҵон ахәыҷқәа аҧсышәала аҵара ахьыддырҵо,  Аҧсны ашколқәранӡатәи  азеиҧштә ҵараиурҭақәа ираԥхьатәиқәуоу ируаку – ахәыҷбаҳча «Алашара».

Есымза «Алашара» ахаҿытә ԥхьаӡара ашҟа иахырыҧхьаӡалоз аҧара –  ахәыҷбаҳча аҩныҵҟатәи аҭахрақәа рынагӡара иазырхан. Уи –  ахәыҷқәа ари абаҳча аҩныҵҟа  рыҟазаара иеигәырҕьо, рҭагылазаашьа аиҕьтәра иазкыз хықәкылатәи гәыҳалалратә цхырааран.