А-SIM-карта аԥсахра

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

А-SIM-карта шәцәыӡма? Иаанкылоума? Аҿыц шәоуеит!

Шәмобилтә телефон шәцәыӡзар, зинда ахархәара ҟамларазы, Шәара АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥ  (аҭыӡҭыԥ: Аҟәа ақ. Аҭынчра апроспект, 80) ахь шәнеироуп, шәномер иаразнак иааныркыларц азы.

Шәара шәтелефон аномер SIM-карта иҭоу еиҭашьақәшәыргылар шәылшоит, шәыхәхшәааратә плани шәбаланс рыла. А-SIM-карта иара аномер ала иеиҭашьақәыргылахоит ишәцәыӡзар, мамзар иԥхасҭахазар, иара убас 10-нтә ииашамкәан PUK-код аналажәгала ашьҭахь аусура аанкылазар, усҟан шәбаланс зегьы ииагахоит SIM-карта ҿыц ахь.

 

Уаанӡатәи шә-SIM-карта аусура аанкылахоит ахала, аҿыц аншәоулак.

Акорпоративтә хархәаҩцәа амаҵзура «А-SIM-карта аԥсахра»  рыдгалахоит АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ   аҟны (аҭыӡҭа: Аҭынчра Апроспект амҩа, 80), агәрагаратә хаҿы иарзаҳал ала иара дызхаҭарнаку аиҿкаареи  Иарку Акционертә Еилазаара (ИАЕ) «АҞӘАФОН-GSM»-и  амобилтә радиотелефонтә  еимадара амаҵзурақәа рыдгаларазы  ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала, ихаҭара аазырԥшуа адокумент (апаспорт) анцәыригалак ашьҭахь.

 

А-SIM-карта аԥсахра

85 мааҭ