24-02-2018

Аконкурс Аҧшӡара асезонқәа_АҞӘАФОН2018 ахыркәшара

Аконкурс Аҧшӡара асезонқәа_АҞӘАФОН2018 ахыркәшара

Аконкурс #аҧшӡара асезонқәа_АКӘАФОН2018 хыркәшан Кристина Лазҧҳа (@tika_kazba) лаиааирала.

Афинал бжаҿы еиҧш,  афинал ахаҭаҿгьы абжьыҭира мҩаҧысит INSTAGRAM @aquafon4g адаҟьаҿы.  Афинал аҿы Кристина Лазҧҳа 102 бжьы рыла  Тома Агрҧҳа (@toma_agrba) дылиааит.

Кристина Лазҧҳа Ахеилак АҞӘАФОН 2018 шықәсазы иӡырызго хаҿны дҟалеит. Хаҭала уи дахаҿсахьахоит #аҧшӡара асезонқәа_АКӘАФОН2018.  Иаарласны Кристина Лазҧҳа лсахьа абара ҳалшоит ҳтәыла зегьы аҟны абаннерқәа рҿы.

Аконкурс  #аҧшӡара асезонқәа_АКӘАФОН2018 рҽаладырхәит 200-ҩык инареиҳаны аҭыҧҳацәа.  Ахеилак “АҞӘАФОН”  ҭабуп ҳәа ранаҳәоит апроект иалахәыз аҭыҧҳацәа зегьы. Ҳара убасгьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит INSTAGRAM @aquafon4g адаҟьа анапаҵаҩцәа зегьы уи активла рхы ахьаладырхәыз азы. Ҳарҭ зегьы  аӡәк иеиҧш, ҳажәҩа еибыҭаны ҳусура, хымҧада, абас еиҧш иҟоу аконкурс ҧшӡа амҩаҧгара ҳалнаршеит.

Аконкурс  #аҧшӡара асезонқәа_АКӘАФОН2018   мҩаҧысуан  жәабран 12 инаркны 24 рҟынӡа.