31-05-2018

Афотоконкурс “АҞӘАФОНагәалаҟазаараҧшшәыиаҵәа” хыркәшоуп.

Афотоконкурс “АҞӘАФОНагәалаҟазаараҧшшәыиаҵәа” хыркәшоуп! Лаҵара 31 рзы зегьы ираҳаит аиааира згаз аҧҳәызба лыхьӡ. Аконкурс аҧхьахә хада iPhone X лгеит Саломеиа Агрҧҳа. (mimichellle_)

Уи лфото  иаиуит 2813-ҩык aquafon4g адаҟьа анапаҵаҩцәа рыбжьқәа.

Аконкурс азҿлымҳара ду аиуит ахархәаҩцәа рыбжьара. #АҞӘАФОНагәалаҟазаараҧшшәыиаҵәа аҵаҟа икьыҧхьын 1500 инареиҳаны  афотографиақәа. Анапаҵаҩцәа рактивра убриаҟара иҳаракын, абжьыҭираҿы лаик заҵәык ауп ирыбжьахаз аиааира згази илышьҭанеиуази!

АҞӘАФОНагәалаҟазаараҧшшәыиаҵәа иуникалтәуп аиҿкаара аганахьалагьы. Раҧхьаӡа акәны уи аҿы иарбанзаалак ҳәаақәҧкырак ыҟамызт. Алахәцәа рзы ҧҟаррас иҟаз акы заҵәык акәын – афотографиаҿы иаарҧшызар акәын аиаҵәа ҧшшәы дасу хаҭала ишибоз.

 Аконкурс амҩаҧысра ишаҿыз,  уи аиҿкааҩцәа аҧҟарра аҧсахра рықәшәеит,  анапаҵаҩцәа гәыҧҩык абжьқәа реизырҳара афункциа рхы иахьадырхәоз иахҟьаны. Убри азы афинал аҿы афотографиақәа 10 АҞӘАФОН акоманда иалнахит.

Аусумҭақәа алхын абарҭ акртиериақәа ирықәыршәаны:

) Афотографиа автортәра (афото аинтернет аҟнытә игаӡам)

2) Аҧыжәара рыҭан ҷыдала аконкурс азы иаҧҵаз афотографиақәа

3)  Инагӡоу аусумҭа аоригиналтәреи акреативтәреи

4)  Апроект атематика иашьашәалоу аусумҭақәа

Абжьыҭираан абжьқәа реизырҳаратә ҭагылазаашьа еиҭах иҟамларц азы  INSTAGRAM аҿы aquafon4g адаҟьа аркын. Даҽакала иуҳәозар, афинал аҿы  рыбжьы рҭиир рылшон ҳара ҳнапаҵаҩцәа мацара.

Аконкурс анхацыркха  лаҵара 16 инаркны уи анхыркәшаха аҟынӡа INSTAGRAM аҿы aquafon4g аофициалтә даҟьа аҟны рнапы аҵарҩит 2 нызықьҩык инареиҳаны ауаа.

Ҳара даара ҳаигәырҕьоит ари аконкурс INSTAGRAM ахархәаҩцәа рыбжьара абас еиҧш ақәҿыҭра ду ахьаиуз.

M.