21-05-2018

Амузыкатә проект “Асаркьал” афиналтә ҭыхрақәа Афон Ҿыц рымҩаҧгара.

news_name

Анаҟәаҧиа имҩаҧысит ииашаҵәҟьаз атеатртә қәыргылара! Аҭыхрақәа ирылахәын аҧсуа культура аеҵәақәа – аколлектив “Ахьышьҭра”, ансамбль “Анаҟәаҧиа”,  Кьасоу Ҳагба, Баҭал Џьапуа, Хьыбла Мықәҧҳа, Дыжын Чуреи, Софиа Кисекова. Иара убас аҭыхрақәа ирылахәын аҧсуа милаҭтә маҭәақәа змаз ҳтәылауаа. Аҭыхратә процесс рбар алшон асоциалтә аҳа INSTAGRAM ахархәаҩцәа @aquafon4g аофициалтә даҟьаҿы.

Аҭыхрақәа рҭыҧи арыцхәи машәырла иалхымызт. Лаҵара 21 азы Аҧсны, Кавказ зегьы аҿы еиҧш, лахьеиқәҵарала иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьра иахәхаз, Кавказтәи ашьхаруаа жәларқәа рыҧсадгьыл мчыла рықәцара амш.  Ателеҭыхымҭақәа мҩаҧган Аҧсуа аҳра ажәытәтәи аҳҭны қалақь Анаҟәаҧиа!

Апроект “Асаркьал” азкуп 1992-1993 шш. рзы Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҿы Аиааира 25 шықәса ахыҵра.

 «АҞӘАФОН-GSM» адәахьтәи аимадарақәа рыҟәша