15-05-2018

Ашахмат асразы Х1 жәларбжьаратәи атурнир «АҞӘАФОН -OPEN 2018»

 

Лаҵара 12-13, 2018 ш. азы  имҩаҧысит Ашахмат асразы Х1 жәларбжьаратәи атурнир “АҞӘАФОН - OPEN 2018». Аҧсны ашахмат асразы Афедерациа еиҿнакааз ари атурнир хадаратә спонсорра азнауеит Ахеилак АҞӘАФОН.

АҞӘАФОН – OPEN – ари Аҧсни Урыстәылеи рҟнытә иреиҕьу ашахмат асҩцәа еизызго турнируп. Аҧхьахәтә фонд – 85 нызықь мааҭ ыҟоуп. Инареиҕьу ахәмарҩцәа еисон иреиҕьу ахә марҩы ҳәа ахьӡ аиуразы!

Агәырҕьаратә аартраҿы Аҧсны ашахмат асразы Афедерациа Ахада Константин Ҭыжәба иҭабуп ҳәа реиҳәеит абларҭатә Хеилак АҞӘАФОН ахадара, Аҧсны  ахәыҷтәы спорт аизҳара аус аҿы иҟарҵо ацхырааразы.

Компромиссрак зламыз аиндаҭлараҿы  аиааира игеит изныкымкәа Аҧсны иачемпионхахьоу Артиом Табариан.                                              

Ашколхәыҷқәа рыбжьара актәи аҭыҧ ааникылеит – Бигәаа Роланд, аҩбатәи – Леон Шамба, ахҧатәи – Даниель Гаспариан.

Амилаҭтә реитинг змаз ашахмат асҩцәа рыбжьара зегьы иреиҕьу ҳәа дыҧхьаӡан Ҭемыр Шьанаа.              

Аҭыҧҳацәа рыбжьара иреиҕьу алҵшәақәа аадырҧшит Алина Асланиан, Деиа Амҷҧҳа, Ксениа Скворцова.

 Аветеранцәа реиндаҭлараҿы аиааира игеит Константин Ҭыжәба.

Хазы имҩаҧысит ахәыҷқәа рыбжьара атурнир. “11 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа” ркатегориаҿы аиааира ианашьан ашахмат асҩы қәыҧш Аскар Аџьынџьал.  Аҩбатәи аҭыҧ ааникылеит Михаил Ҭаркьыл, ахҧатәи – Сарида Лакәатааҧҳа. Сарида Лакәатааҧҳа аӡҕабцәа рахьтә зегьы дреиҕьхеит.

 “9 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа” ркатегориаҿы актәи аҭыҧ ааникылеит Ҭемыр Аушев, аҩбатәи – Артиом Задорожныи, ахҧатәи – Богдан Турков. 

”9 шықәсанӡа  зхыҵуа” аӡҕабцәа хәыҷқәа рыбжьара деиҕьхеит Валериа Ҵалакьиаҧҳа.  

“7 шықәсанӡа зхыҵуа аҷкәынцәа хәыҷқәа” ркатегориаҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааныркылеит: Петрос Козанџьиан, Дамир Џьапуа, Нестор Ажьиба. “7 шықәсанӡа зхыҵуа аӡҕабцәа хәыҷқәа” ркатегориаҿы аиааира ргеит: Арина Абдокова, Софиа Лакоба, Алиса Кәыҵниаҧҳа. 

Атурнир    «АҞӘАФОН – OPEN»  - ашахмат асҩцәа қәыҧшцәа Европеи Адунеии рчемпионатқәа рҿы инеиаанӡа,  рхаҧышәара ахьалдыршо ҭыҧуп.             

 «АҞӘАФОН-GSM» адәахьтәи аимадарақәа рыҟәша