28-06-2018

АҞӘАФОН ИМҨАҦНАГОИТ АВИДЕОКОНКУРС «АҞӘАФОН 15 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ»

news_name

Ҧхынгәы 15 рзы АҞӘАФОН Амшира азгәанаҭоит. Ҳара сынтәа 15 шықәса ҳхыҵуеит. Амшира –  ҽыҵга хазыноуп  ҳара ҳабонентцәеи ҳнапаҵаҩцәеи рзы аконкурс амҩаҧгаразы! Аконкурс аҧхьахә - MacBook AIR 2017. Авидеоконкурс #АҞӘАФОН15ШЫҚӘСА хықәкыс иамоу, уи зҽалазырхәуа зегьы ирылоу рбаҩхатәреи ркреативтәреи инагӡаны аарҧшроуп. Уара алшара бзиа умоуп MacBook AIR 2017 аиуразы.

 Аконкурс аҧҟаррақәа:

1 аҟәша мҩаҧысуеит рашәара  27 инаркны (17:00) ҧхынгәы 10  рҟынӡа (17:00)

1. Instagram аҿы @aquafon4g адаҟьаҟа аҽаҵаҩра .

2. Ухатәы даҟьаҿы АҞӘАФОН 15 шықәса ахыҵра адныҳәалара, ахештег #АҞӘАФОН15ШЫҚӘСА ықәыргыланы. @aquafon4g  авидеодныҳәалара акомментариаҿы азгәаҭара.

3.  Рашәара 27 инаркны ҧхынгәы 14 рҟынӡа Instagram аҿы ухатәы даҟьа аартра.

4. Аконкурс амҩаҧгара аамҭазы Аҧсны аҵакырадгьыл аҿы аҟазаара.

2 ахәҭа мҩаҧысуеит ҧхынгәы 10 инаркны   (17:00) ҧхынгәы 11 рҟынӡа (17:00)

Акомиссиа аусура -  15-ҩык  афиналистцәа ралхра

3 ахәҭа ҧхынгәы 12  рзы (13:00)

Аиааира згаз иалхра.

4 ахәҭа ҧхынгәы 14

 АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центр аҿы аиааира згаз аҳамҭа иҭара.