12-04-2017

Ацәыргақәҵа “Сара иҭысхуеит анасыҧ”

news_name

Ацәыргақәҵа “Сара иҭысхуеит анасыҧ”

Мшаҧымза 12, 2017 шықәсазы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы имҩаҧысит “Сара иҭысхуеит анасыҧ” зыхьӡыз Аҟәатәи ахәыҷтәы Ашьапықәыргыларатә центр зхылаҧшуа ахәыҷқәа рырҿиаратә усумҭақәа рцәыргақәҵа. Ари ацәыргақәҵа мҩаҧган зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа рзы  ацентр аҧҵара 2 шықәса аҵра инақәыршәаны. Уи еиҿкаауп АҞӘАФОН ацхыраарала.

Ашьапықәыргыларатә центр аартын Аҟәа мшаҧымза 17, 2015 шықәсазы. Уи ахыбра ргылан “Урыстәылатәи афедерациа Ареспублика Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхырааразы Акомплекстә план” аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылатәи афедерациа иаанашьҭуа аҧарақәа рыла. Ацентр еиқәыршәоуп ҳаамҭа иашьашәалоу маҭәахәыла. Араҟа иаҧҵоуп зылшара ҧку ахәыҷқәа ршьапы рықәыргыларазы  алшарақәа зегьы, уи ҩышықәсатәи аусура иалагӡаны араҟа аҽыхәшәтәра иахысит  550-ҩык инареиҳаны иахьазы згәабзиара аҭагылазаашьа акыр еиҕьхахьоу ахәыҷқәа.  

Ацәыргақәҵа “Сара иҭысхуеит анасыҧ” хықәкыс иаман зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа ирымоу апроблемақәа рышҟа ауаажәлар рхьарҧшра, урҭ рбаҩхатәреи,  рпотенциали, арҿиара ашҟа ирымоу агәаҳәареи дырбара, иара убасгьы  урҭ ахәыҷқәа ареалтә ҧсҭазаара қәҿиарала аҽаларҵәаразы агәыҕра роуртә еиҧш  аҭагылазаашьа рыҭара.

Агәрагара уадаҩуп, ацәыргақәҵаҿы идырбаз аеқспонатқәа зегьы згәабзиаратә лшара ҧку ахәыҷқәа рнапала иаҧҵоуп ҳәа.  Ҭыхымҭа цыҧхьаӡа  ҟаҵоуп бзиабара дула, ҽазышәара ҕәҕәала, аҧшӡара аҧҵаразы агәаҳәара ду аарҧшны, зегь реиҳа ихадоу урҭ рҭыхымҭақәа рҿы иубоит ахәыҷқәа ирымоу рхагәрагара,  ргәыҕра лаша. Арҿиара агәаҳәара ыҟанаҵы, иҟоуп зыҧсы ҭоу аҟазарагьы. Убри азы даара акраҵанакуеит уи ацәанырра ахәыҷқәа заа рылааӡара.

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша