19-07-2017

Ацәыргақәҵа “Аҧсны XVII –XX –рзтәи ахсаалақәеи агравиурақәеи рҿы”

news_name

Ацәыргақәҵа “Аҧсны XVII –XX –рзтәи ахсаалақәеи агравиурақәеи рҿы”

Ҧхынгәы 19 рзы Аҟәатәи Ацентртә цәыргақәҵатә зал аҿы АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала иаартын “Аҧсны XVII –XX –рзтәи ахсаалақәеи агравиурақәеи рҿы” зыхьӡыз ацәыргақәҵа. Уи азкын Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш азгәаҭара  аҧҵоижьҭеи 10 шықәса аҵра.  Уи шьақәгылан ҧшьышә шықәса рыҩныҵҟа иҭанакуа аамҭа иалагӡаны, Аҧсны зну иоригиналтәу  агравиурақәеи, агеографиатәии аполитикатәии ахсаалақәеи, уимоу ижәытәӡатәиу атуристтә хсаалақәеи.

Ацәыргақәҵаҿы ицәыргаз аеқспонатқәа зегьы Ибрагим Ҷкадуа ихатә коллекциа аҟнытә иаагоуп.   Ари -  аамҭала  XVII инаркны  XX рҟынӡа иртәу ахсаалақәа рхаҭаҵәҟьақәа роуп, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп XIX ашәышықәса алагамҭазы антикатә хыҵхырҭақәа рыла ишьақәыргылаз, адунеи зегь аҟнытә еизгаз ахсаалақәа. Ахсаалақәа рыхәҭак аинтернет-аукционқәа рҿы иаахәоуп, рыхәҭак Европа инхо  иҩызцәа рыцхыраарала, даҽа ҧыҭк Лондон “аӡтә џьармыкьақәа” рҿы иҧшаауп.

 Ахсаала ианакәзаалакгьы адгьыл хәҭақәеи, атәылақәеи, арегионқәеи еидызкылоз қәыҧшыларатә сахьак мацараны акәымкәа, иҳаҩсхьоу ахҭысқәа ырааигәо, урҭ ҳаамҭазтәиқәа ирыдҵаны,  ауаатәыҩса рыҿиара  иалкаау аҭоурыхтә- культуратә ҟәшақәа аанарҧшуан. Ахсаалақәа рыҭҵаара иазку аҭҵаарадырра – ахсаалаграфиа – аҩыра ҟалаанӡагьы ицәырҵхьан. Раҧхьатәи ахсаалақәа ауаҩы ахаҳә ҭаҧҟаны, аҳаҧқәеи ацаҟьақәеи рҟны иҟаиҵон.

Птолемеи иаамҭазтәи раҧхьатәи ахсаалақәа рҿы Аҧсны абшьҭрақәа, ажәларқәа, аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа рцәырҵра машәырны иҟамлаӡеит. Арегион иуникалтәу агеографиатә ҭагылазаашьа иабзоураны, Аҧсны акыр ирацәаны адунеи атәылақәа рыхсаалақәа рҿы иарбан.

 

 Иахьазы ҳтәыла аҭоурыхтә хсаалаҟаҵара рацәак ибзианы  иҭҵаам, ианҵам. Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра аан иҟалаз агуманитартә рыцҳара, риашашьа змам ааха ду анаҭеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа зегьы ааизакны. 1992 шықәса, жьҭаара 23 рзы ақырҭуа ир ирымпыҵахаланы ирымаз Аҟәа ақалақь аҿы адҵа рыҭан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә архьиви Аҧсуаҭҵааратә институт архьиви рықәгаразы – урҭ рыблит. 
Организатор выставки, фотограф, режиссёр и журналист Ибрагим Чкадуа, обозначил, что целью данной выставки является привлечение внимания к истории Абхазии, исторической науке и архивам.Ацәыргақәҵа аиҿкааҩ, афотоҭыхҩы, арежиссиор, ажурналист Ибрагим Ҷкадуа иазгәеиҭеит Ари ацәыргақәҵа хықәкыс ишамоу Аҧсны аҭоурыхи, уи аҭоурыхтә ҭҵаарадырреи архьивқәеи рҭагылазаашьа азҿлымҳара аҭара, урҭ рышҟа дырҩегьых ауаа рхьарҧшра.

 

 

 Ацәыргақәҵа аартызаауеит ҧхынгәы 21 аҟынӡа.

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша