23-03-2017

Ааҧыни АҞӘАФОНИ!

news_name

Ааҧыни АҞӘАФОНИ!

Ахыркәшарахь инеит ҳмобилтә хеилак ахаҿсахьа аазырҧшуа ахаҿ ҿыц иазкны имҩаҧысуаз аицлабра “Ааҧыни АҞӘАФОНИ” – ҳамҩадуқәа рҿы иуҧылоит аҭыҧҳацәа ссирқәа рсахьақәа зну абаннерқәа, иаарласны урҭ шьақәыргылахоит ҳтәыла амҩадуқәа зегьы рҿы!

Аицлабра мҩаҧысуан жәабран 16 инаркны хәажәкыра 5 рҟынӡа АҞӘАФОН аофициалтә даҟьа аҟны Instagram аҳаҿы! Иазгәаҭатәуп уи иаиуз аудиториа рызҿлымҳара дуи раҧхьатәи амобилтә оператор анапаҵаҩцәа рыҟнытә иҟаҵаз ақәҿыҭреи. Уи иабзоураны, апроект аиҿкааҩцәа аҵыхәтәантәи аетап аҿы  иҳәаақәҵаз  ауадаҩрақәа ишрықәшәазгьы – хаҭала зыӡбахә ҳамоу ахархәаҩцәа асанкциа рымамкәа абжьыҭиратә система  рхалархәра ауп – аицлабра мҩаҧган. Аиҿкааҩцәагьы уи алҵшәақәа агәахәара рнаҭеит!

Ахаҿсахьатә кампаниа “Ааҧыни АҞӘАФОНИ” иахаҿы ҿыцқәаны иҟалеит аицлабра афинал ашҟа инеиз 5-ҩык аҭыҧҳацәа – Хьыбла Воуҧҳа, Милена Бачааҧҳа, Кристина Хасиаҧҳа, Вероника Сиҷынааҧҳа, Илона Қәҭелиаҧҳа.

Апроект азы афотоҭыхрақәа мҩаҧылгеит Аҧсны еицырдыруа афотоҭыхҩы Валентина Ваганова, хаҭала уи далырхит лпрофессионалтәразы, зегь реиҳа  “ицәажәо”, зыҧсы ҭоу ашәымҭақәа ҟазарала рҭыхра ахьлылшо азы, иара убасгьы уи  азанааҭ аганқәа зегьы раартразы иҿымцәаауа азҿлымҳара ахьлымоу азы.

”Ааҧыни АҞӘАФОНИ” – ари ахеиҭаҳәаразы алшара узҭо еицлаброуп. Уи лшара бзиоуп иҿоу, иаҧхьагылаҩцәоу, икреативтәу  аҭыҧҳацәа рбаҩхатәра аартразы, рхы агәра дыргаразы!

Ииашаны, аицлабраҿы аиааира згаз аҭыҧҳацәа  зегьы иқәыҧшцәоуп, иҿоуп, иҧшӡоуп, ихгәарҧхаҩцәоуп, уи ауп ирылзыршазгьы урҭ  Ааҧынразы АҞӘАФОН аидеалтә  хаҿсахьа аҧҵара!

Уажәшьҭа иахьарнахыс шәара ишәылшоит ҳреспублика зегьы аҿы урҭ аҭыҧҳацәа рхаҿсахьа гәыкқәа рбара! Избанзар ҳара ҳхеилак азы ихадоу, иахьынӡалшо ирацәаны аҿар рхаҭара аарҧшразы, рхықәкы анагӡаразы алшара рыҭара!

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша