08-02-2017

Акциа “Ашықәс Ҿыцазтәи асиурприз" аҿы аиааира згаз аҧхьахәқәа рыҭара.

news_name

Акциа “Ашықәс  Ҿыцазтәи асиурприз" аҿы аиааира згаз аҧхьахәқәа рыҭара.

Ашықәс ҿыц – асиурпризқәеи аҳамҭақәеи ираамҭоуп!  АҞӘАФОН  ииасхьо ашықәсқәа рхыркәшамҭазы  зныкгьы зҿлымҳарада  иааннамыжьыц абонентцәа . Ҧхынҷкәын мза 2016 шықәса рзы ихацыркын акциа “Ашықәс Ҿыцазтәи асиурприз”. Уи акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны 12.12.2016 ш. инаркны 31.12.2016 ш. рҟынӡа Амаҵзуратә Центрқәа зегьы рҟны  аҳамҭатә купонқәа зҭаз аурнақәа ықәыргылан. Уаҟа амобилтә еимадара аҿазкыз дарбанзаалак АҞӘАФОН аҟнытә зыхә ҳараку аҧхьахәқәеи асуперпризқәеи ргара илшон. 

 Иара убас акциа амҩаҧгара аан  збаланс 300 мааҭ рҟынӡа, ма уи инеиҳаны  иҭазҵаз USSD-акоманда аҟнытә имобилтә телефон ашҟа инеиуан SMS-адырраҭара хәыда-ҧсада 500 МБ рҟынӡа Аинтернет-трафик хәыда-ҧсада ишизаҿакхо ала.

Жәабран 8, 2017 шықәсазы аҳҭны қалақь амҩаду хада – Аиааира апроспект аҿы игылоу АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центр аҿы имҩаҧысит аиааира згаз абонентцәа хәҩык аҳамҭақәеи асуперризқәеи рыҭара иазкыз аныҳәа. Ари акциа ҷыдаҟазшьаны иаиуит аиааира згаз абонентцәа раҧхьахәқәа рнапаҿы дыркразы ҷыдала асасцәа аныҳәа ашҟа рааҧхьара, хаҭала: акциаҿы аиааира згаз Жваниа Асҭанда  апланшетқәа рцәаҳәа иҿыцӡоу афлагман AppleIpadPro, иара убас аиааира згаз Сарсаниа Ахра Apple watch асааҭи рнапы иаиркит ашоумен, амҩаҧгаҩ Алхас Марганиа; Алымҳаркыгақәа  Parrot Zik 2.0 Милада Багаҭелиа лнапаҿы илиркит абаҩхатәра злоу амузыкарҳәаҩы Алхас Марколиа.

 Анаҩс  афотоҭыхҩы, арежиссиор, ажурналист Ибрагим Ҷкадуа афотоаппарат Fujifilm X-A2 Kit лнапы иаиркит аиааира згаз Џьопуа Иоланда. Ахәмарратә дыргыла Sony Playstation 4 Pro Алла Гәымба лнапы иаиркит Ашьапылампылтә клуб “Нарҭ” Ахада Гена Ҵнариа, аха зегь реиҳа иззыҧшыз аҧхьахәқәа - Iphone 7/7+ -  Асҭамыр Шьынқәбеи  Жваниа Асҭандеи рнапы иадыркит  Apple аҧхьагылатә аалыҵқәа рзы Аҧсны ихадоу аспециалистцәа, ателефон иазку зегьы бзианы издыруа ауаа – Едгар Аргәыни Денис Саманбеи. 

 Аныҳәаҿы иҟан амузыкатә хәҭагьы. Ари аусмҩаҧгатә ашҟа ҷыдала сасцәас иааҧхьан Хьыбла Мықәба напхгара зылҭо амузыкатә гәыҧ “ДоРеМи”, иара убас ашәаҳәаҩ қәыҧш, АҞӘАФОН аӡыргаратә хеидкыла ахаҿы ҿыц – Алеқсандра Оҭырба.

 Ҧшшәы рацәала еилаацырцыруаз аконфетти аҭырҟьареи анапеинҟьабжьқәеи, агәырҕьа-ччареи рыла иҭәыз аныҳәаҿы АҞӘАФОН абонентцәа ирыҭан ирыхәҭаз аҳамҭақәеи, ашәҭқәеи! Уи ашьҭахь аныҳәа иалахәыз зегьы ирзыҧшын аемоциа бзиақәа зцыз аныҳәатә фуршет. Уаҟа  аҳамҭақәа зауз  гәык-ҧсыкала иҭабуп ҳәа рарҳәеит ашықәс ҿыц алагамҭазы ргәалаҟазаара шьҭызхыз АҞӘАФОН аусзуҩцәа.

 «АҞӘАФОН-GSMадәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша

 

Вручение суперпризов победителям акции «Новогодний сюрприз»(1)

Вручение суперпризов победителям акции «Новогодний сюрприз»(2)

Вручение суперпризов победителям акции «Новогодний сюрприз»(3)

Вручение суперпризов победителям акции «Новогодний сюрприз»(4)

Вручение суперпризов победителям акции «Новогодний сюрприз»(5)

Вручение суперпризов победителям акции «Новогодний сюрприз»(7)

Вручение суперпризов победителям акции «Новогодний сюрприз»(8)

Вручение суперпризов победителям акции «Новогодний сюрприз»(9)

Вручение суперпризов победителям акции «Новогодний сюрприз»(11)

Вручение суперпризов победителям акции «Новогодний сюрприз»(12)

Вручение суперпризов победителям акции «Новогодний сюрприз»(13)