21-08-2017

Пицунда ақалақь аҿы имҩаҧгаз Агәыҳалалратә хәылҧазы

Пицунда ақалақь аҿы имҩаҧгаз Агәыҳалалратә хәылҧазы

Нанҳәа 21, 2017 шықәсазы Пицундатәи ауахәама Аҳәынҭқарратә концерттә зал аҿы АҞӘАФОН Ахадаратә спонсоррала имҩаҧысит Аҧсны Ареспублика иқәынхо ахәыҷы чымазцәа рыцхыраара иазкны еиҿкааз  IV Есышықәсатәи Агәыҳалалратә концерт-цәыргақәҵа.

Аусмҩаҧгатәы аиҿкааҩ – Аҧснытәи асоциалтә-культуратә хацыркрақәа рфонд хаҭала хықәкыс иҳәаақәнаҵеит иҷыдоу технологиала иҳараку ахәшәтәра зҭаху ахәыҷқәа ацхыраара рзыҟаҵара  абизнес мали ауаажәларреи ралархәра. Уи Афонд аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиҿнакаауеит ачымазцәа хәыҷқәа рпроблемақәа рышҟа ауаажәлар рхьарҧшра иацхраауа еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа.  Афонд хықәкылатәи аудиториа - аҭыҧантәи ауаа, атуристцәа, акоммерциатә хеилакқәа.

Раҧхьаӡа акәны ас еиҧш зымҽхак ҭбаау апроект Аҧсны ихацыркын 2014 шықәсазы. Хышықәса рыҩныҵҟала Афонд имҩаҧнагеит уи зхылаҧшуа “Ашана” азы аҧара еизгара хықәкыс измаз акымкәа есышықәсатәи агәыҳалалратә усмҩаҧгатәқәа. Уи аусура иалҵшәаны, ахәыҷқәа рыхәшәтәразы ирыҭан 1 338 325 мааҭ аҧара. Арҭ аҧарақәа зегьы ишеибгоу “Ашана” иахыҧхьаӡалан.  Аригьы даҽа лшаракуп  ачымазцәа хәыҷқәа ианаамҭоу ацхыраара рыҭаны,  рыхәшәтәра шьаҿак акәзаргьы азааигәахаразы.

 2017 шықәса алагамҭазы ҕәҕәала ичмазаҩу  Аҧснытәи  ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы имҩаҧыргаз аконцет-цәыргақәҵа азы Асоциалтә-культуратә хацыркрақәа Рфонд ианашьан “Агәыҳалалра” акатегориаҿы “Урыстәыла иреиҕьу асоциалтә проектқәа” зыхьӡу апремиа.

Агәыҳалалратә хәылҧазы ҩ-хәҭакны ишан. Ахәылҧаз раҧхьатәи ахәҭаҿы имҩаҧысит Афонд апартниорцәа раалыҵ ацәыргақәҵа-аҭира: ахеилак “Абырскьыл”, агалереиа Шьазина” аҟнытә аеқсклиузивтә усумҭақәа, Мариа Ҧлыиаҧҳа лҿыханҵатә студиа аусумҭақәа, иара убас абренд «Colors Of Nation» аалыҵ.

.Аусмҩаҧгатәы аҩбатәи ахәҭаҿы ахәаҧшцәа идырбан Аҧсны жәлар рартистцәеи, Аҧсны аҟазара зҽаҧсазтәыз артистцәеи, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреатцәеи, иара убас Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Давид Терзиан напхгара зиҭо Аҳәынҭқарратә камертә оркестри имҩаҧыргаз аконцерт

Аконцерт иалахәын: Нана Черқьезиаҧҳа (асопрано), Асида Шьакаиаҧҳа (асопрано), Лука Гаделиа (аорҕан), Кристина Ешҧҳа (асопрано), Алла Оҭырҧҳа (афортепиано), Барас Кәыҿба (афортепиано). Елмаз Чаилак(афортепиано), Армен Хачатуриан (абаритон), Марина Шамҧҳа (аорҕан), Манана Шамҧҳа (асопрано).

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша.