27-10-2017

Аилак АҞӘАФОН аиааира агеит “Иреиҕьу аурыс-аҧсуа бизнес» зыхьӡу аноминациаҿы.

Аилак АҞӘАФОН аиааира агеит “Иреиҕьу аурыс-аҧсуа бизнес» зыхьӡу аноминациаҿы.

2017 шықәса, жьырныҳәа 27 рзы Аҟәа имҩаҧысит У111 Аҧсуа-аурыс усутә Форум. Ари аусмҩаҧгатәы еиҿкааҩцәас иаман Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистрреи Аҧсны Ареспублика аекономика аминистрреи. Традициала  Афорум азкын Урыстәылеи Аҧсни  атуризми, анаплакреи, ахәҳахәҭра-економикатәи рганахьала  арегионбжьаратә еимадарақәа реизырҳара.

.Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаҧган  анаплакратә ус аганахьала иреиҕьу Аҧсны аекономика аминистрра адипломқәеи Аҧсны Ахәҳахәҭра-Ааглыхратә палата амедалқәеи ранашьара.  Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа далахәын «АҞӘАФОН-GSM»адиректор Хада Аргәын Алхас Иури-иҧа.

”Иреиҕьу аурыс-аҧсуа бизнес” аноминациаҿы аиааира анашьан Аилак  “АҞӘАФОН”.