31-08-2017

Нана Черқьезиаҧҳа лсолатә концерт.

Нана Черқьезиаҧҳа лсолатә концерт.

Ухызхуа аччаҧшь, аҧшӡара, ухшыҩ уахызго аенергетика, узыршанхо абжьы... Нанҳәа 31 рзы Аҟәа имҩаҧысит  аоператә шәаҳәаҩы, аҧсуа аопераҿы ишашаӡа иҩаҵхахаз аеҵәа қәыҧш  Нана Черқьезиаҧҳа лсолатә концерт.

Нана Черқьезиаҧҳа -  Аҳәынҭқарратә филармониеи Аҳәынҭқарратә камертә оркестри дырсолаҳәаҩуп,  ХХХVI Урыстәылазегьтәи авокалистцәа рконкурс аҿы адиплом ланашьоуп, жәларбжьаратәи аконкурсқәа дырлауреатуп. Ахәаҧшцәа дырдыруеит иара убасгьы есышықәса имҩаҧысуа афестиваль “Хьыбла Гьерзмаа иаалыҧхьоит...”  лахәылак лаҳасабала.

Нана Черқьезиаҧҳа лконцерт мҩаҧысит Р.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Филармониа асценаҿы. Уи аинформациатә партниорс иҟан АҞӘАФОН, ацхыраара ҟанаҵеит Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра.

Аконцерт апрограмма иалан 15 рҿиамҭа. Аконцерт хацыркын Моцарт иопера “Илаҧшхырҧагоу афлеита” аҟнытә Памина лариа ала. Ари ахәылҧаз аҿы ахәаҧшцәа  азыӡырҩит  аоператә рҿиамҭақәа “Мадам Баттерфлиаи, “Богема”, “Џьанни Скикки” (Пуччини). “Џьуддита”, “Аҧҳәыс еиба лах-ҿых” (Ф.Легар),  Верди, Беллини уҳәа еицырдыруа егьырҭ акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа. . Уи инаҷыдангьы, Нана иналыгӡеит аҧсуа жәлар рашәақәа “Шьышь нани”, “Ахрашәа”.

Агәахәара ду азыӡырҩцәа ирнаҭеит аоператә шәаҳәаҩы илыцықәгылаз Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист, адирижиор хада Давид Терзиан напхгара ззиуа Аҧснытәи акамертә оркестр.

Асопрано Нана Черқьезиаҧҳа цәанырра ҳаракыла лынагӡара рыгәқәа архыҭ-хыҭит аоператә музыка абзиабаҩцәа зегьы. Ахәаҧшцәа напеинҟьарала ирыдыркылон артистка лықәгылара, азал аҟнытә лассы-лассы иааҩуан “Браво!”

Аконцерт хыркәшан Рахманинов ирҿиамҭа  - ариа “Араҟа ибзиоуп” анагӡарала.

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша.