26-09-2017

Акциа «Сара сфырхаҵа»

news_name

Акциа  «Сара сфырхаҵа»

Аиааирамш – ҳтәылаҿы зегь реиҳа акрызҵазкуа, зегь реиҳа ихадоу ныҳәоуп! Есышықәса, ари аныҳәатә рыцхә аламҭалазы, АҞӘАФОН имҩаҧнагоит 1992-1993 шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа  ацхыраара рыҭара иазку  асоциалтә усмҩаҧгатәқәа. Ари атрадициа АҞӘАФОН аҿы наунагӡа иҟазаауеит!

Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара «Кьараз» АҞӘАФОНИ ҩышықәса инеиҧынкыланы еицымҩаҧыргоит, сынтәа “Сара сфырхаҵа” ҳәа игәадуроу ахьӡ зхырҵаз акциа. Зегь раҧхьаӡа, ари акциа хықәкы хадас иамоуп ҳара ҳветеранцәа ҳаҭыр рықәҵареи иҭабуп ҳәа раҳәареи, зынхарҭатә ҭагылазаашьа уадаҩу урҭ рҭаацәарақәа ацхыраара рыҭареи.

Сынтәа  ақыҭақәа Ганохлебеи, Уарчеи, Лашькьындари, Ҷлоуи, Ҧақәашьи, иара убас ақалақьқәа Тҟәарчали, Аҟәеи, Гәдоуҭеи рыҟнытә аветеранцәа рҭаацәарақәа 14 ирыҭан ихымҧадатәиу аҩнытә техника, иара убас хәарҭара злоу  абзазаратә маҭәахәқәа - иааизакны 350 нызықь мааҭ рыхә.

Цәыббра 26 рзы АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа Гета Арӡынҧҳаи Асҭан Барцыци, убас АУЕ “Кьараз” ахаҭарнак  Камма Гоҧиаҧҳаи Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рҭаацәа ирырҭеит аҳамҭақәа, афырхацәа ирыдырныҳәалеит Аиааира 24  шықәса ахыҵра! Ҳтәыла уаҵәтәи амш мацаразы акәымкәа, адунеи зегь азгьы,  Аҧсны иқәынхо дарбанзаалак изы акраҵанакуеит ҳфырхацәа ргәаларшәара,  Аиааира ду ахә заҟа иҳараку ахамышҭра.

 

«АКӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша