17-08-2017

Аҧшӡареи абаҩхатәреи рфестиваль “Аҧсны Аҳкәажә 2017”, Аҧсны Мини-Мисс 2017”

news_name

Аҧшӡареи абаҩхатәреи рфестиваль “Аҧсны Аҳкәажә 2017”, Аҧсны Мини-Мисс 2017”

Нанҳәа 16, 2017 шықәсазы С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҿы имҩаҧысит ажәабатәи аҧшӡареи абаҩхатәреи рфестиваль “Аҧсны Аҳкәажә 2017”, Аҧсны Мини-мисс 2017”. Афестиваль аиҿкааҩ – Акультуратә Фонд L-STAR. Аинформациатә партниор  Хада –  АҞӘАФОН.

Есышықәсатәи аҧшӡареи абаҩхатәреи рфестиваль“Аҧсны Аҳкәажә 2017”, Аҧсны Мини-мисс 2017” мҩаҧыргоит  еиҵагыло абиҧара азҩыдареи агәабзиареи рыманы, акультуреи, аҧшӡареи рылааӡара, гармониала ауаҩы ихаҭара ашьақәырҕәҕәара, аҿар рдоуҳатә дунеи цқьаны, естетика ҳаракыла реизырҳара - ҳаҧсҭазаараҿы аларҵәара хықәкыс иҟаҵаны. Аҧсны имҩаҧысуа аҧшӡареи абаҩхатәреи рфестиваль аҿы аиааиреи аҧхьахәқәеи занаршьаз еиҧмырҟьаӡакәа  жәларбжьаратәи аҧшӡаратә еицлабрақәа рхы рыладырхәуеит.

Аконкурс “Аҧсны Аҳкәажә 2017”, Аҧсны Мини-мисс 2017” мҩаҧыргоит 2007 шықәса раахыс. Сынтәа ари аконкурс иубилеитәуп.  Уи рхы аладырхәит қәрала  еиуеиҧшым акатегориақәа рҿы еицлабуаз 25-ҩык аконкурсантцәа.

Ари аусмҩаҧгатәы хацыркын амилаҭтә маҭәеи ахәылҧазтәи аҵкқәеи рышәҵаны алахәцәа   адефиле асценаҿы рықәсрала. Аҳамҭақәа рыҭара иазкыз ацеремониа аламҭалазы, уи аиҿкааҩы Лали Сыҷынаа афестиваль жәашықәса ахыҵра ахьӡала, илыҧсахит аконкурс арегламент. Уи иабзоураны, Аҧсны Аҳкәажәи Апринцессеи Ртитулқәа рыҭахеит аконкурс иалахәыз зегьы.

« Аҧсны Аҳкәажә 2017” ҳәа ахьӡ роуит жәаҩык аконкурс алахәцәа: Лана Хәырхәмал, Сабрина Ҧкьын, Николь Џьапуа, Сарида Ҵәыџьба, Саида Бзаркал, Лика Канџьариа, Анастасиа Палии, Асҭанда Зыхәба, Амина Ҳаџьымба, Анастасиа Ҵалакьиа.

Атитул “Мини-мисс Аҧсны 2017” ранашьахеит  Есениа Быҭәба, Ирена Ҷыҭанаа, Ева Џьабелиа, Адель Чамагәуа, Мариа Ҭарба, Амина Барцыц, Нариа Нанба, Емилиа Габелиа, Раиана Кәыҵниа, Алиса Быҭәба, Аманда Цкәуа, Салима Багаҧшь, Анастасиа Жунгина, Сариа Нанба, Ирена Сымсым.

Иазгәаҭатәуп, аҳамҭақәа ранашьара иазкыз ацеремониа ишалахәыз иаҳхысыз ашықәсқәа раан аҧшӡара аконкурс иалахәыз, иара убас егьырҭ ашықәсқәа рзы Аҧсны Аҳкәажәра занашьахаз аҭыҧҳацәагьы. Урҭ сынтәа аиааира згаз, атитул занашьахаз  аҧшӡацәа  ирхарҵон агәыргьынқәа, рнапаҿы  ирдыркуан аҳамҭақәа.

Уи инаҷыдангьы, акультуратә фонд L-STAR Ахада Лали Сыҷынаа ҭабуп ҳәа раҳәаны агәыргьынқәа рхалҵеит 10 шықәса раахыс ари аусмҩаҧгатәы аиҿкаараҿы илыцхраауаз ауаа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: арежиссиорцәа-ақәыргылаҩцәа, аҧсихологцәа, асцена аҩычаҩцәа, адизаинерцәа уҳәа егьырҭгьы.

Ахәылҧаз аҿы ҳамҭа бзианы иҟалеит аџьаз шәаҳәаҩы Ҭамара Воронова лықәгылара. Уи илҳәаз агимн ала ихыркәшан 2017 шықәсатәи аҧшӡареи абаҩхатәреи рфестиваль!

 

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша.