12-09-2017

Афлагмантә смартфон Apple iPhone 7 32 Gb Matte Black архәмарра.

news_name

Афлагмантә смартфон Apple iPhone 7 32 Gb Matte Black архәмарра.

Цәыббра 12 рзы Аилак АҞӘАФОН аофициалтә даҟьа аҟны  асоциалтә аҳа Instagram аҿы ихацыркын  афлагмантә смартфон Apple iPhone 7 32 Gb Matte Black архәмарра.

Ари акциа азкын зегь реиҳа иаҧхьагылоу асмартфон iPhone X, «иҟәышу» асааҭқәа Apple Watch, иара убас  iPhone аабатәи амодель асериа аӡыргара. Аилак иазгәанаҭеит iPhone раҧхьаӡа акәны аҭира иалагеижьҭеи жәашықәса аҵра. Аӡыргара раҧхьаӡа акәны  имҩаҧыргеит Аилак ашьаҭаркҩы Стив Џьобс иаҳаҭыр азы ихьӡ зху атеатр аҿы.

Цәыббра 12, асааҭ 15:00 рзы иалагеит Акциа. Алахәра аҧҟаррақәа даара имариан:

1. @aquafon4g апрофиль аҿы анапаҵаҩра

2.  Апубликациа арепост аҟаҵара, иара убасгьы  @aquafon4g азгәаҭара.;

3. Ахештег  #iphoneотаҟәафон ақәыргылара

4.Зегь реиҳа угәы ззыҳәо арыцхә аиура!

5. Апрофиль аартра!

Цәыббра 14 рзы ихыркәшан  алахәхаразы аҳәарақәа. Аҧҟаррақәа ииашаны иҟазҵаз алахәцәа аусзуҩцәа ирзыршеит аномерқәа. Цәыббра 15, асааҭ 15:00   рзы @aquafon4g адаҟьаҿы   Instagram аҿы  ишиашоу ицо аефир ала машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор ацхыраарала,  архәмарраҿы аиааира згаз далкаахеит.

Асмартфон ҿыц лоуит аномер 3518 зықәшәаз Ксениа Зеленскаиа @ksunichka55 с!

Цәыббра 26 рзы АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Центр (Аиааира амҩаду, 80) аҿы имҩаҧысит  архәмарраҿы аиааира згаз аҳамҭа рыҭара иазку ацеремониа.

 

«АҞӘАФОН-GSM»адәахьтәи аимадарақәа рыҟәша