21-12-2017

Агәыҧ ”Каданс” аконцерт Гәдоуҭа ақалақь аҿы

news_name

Агәыҧ ”Каданс” аконцерт Гәдоуҭа ақалақь аҿы

АҞӘАФОНИ  А.С.Алавердиан напхгара ззиуа, К.Ковач ихьӡ зху аҟазаратә школ аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы естрадатә-музыкатә ансамбль “КАДАНСИ”  мшаҧы 20 рзы ихацдыркит “Аҧсны ақалақьқәа рҿы атур”зыхьӡыз апроект.

Уи апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, шықәсык аҩныҵҟа ҳреспублика ақалақьқәа рҿы аконцертқәа мҩаҧыргон  амузыкарҳәаҩцәа қәыҧшцәа. Раҧхьатәи асолатә концерт мҩаҧысит Аҟәа ақалақь аҿы, анаҩс аҿарацәа ықәгылеит ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал. Уи аконцерт азкын 1992-1993 шш. рзы Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 24 шықәса ахыҵра. Жьҭаара мзазы Очамчыратәи  ахәаҧшцәа еигәырҕьаны ирыдыркылеит  акыраамҭа ирхамышҭуа аныҳәа ду ҳамҭас ирызҭаз ашәаҳәаҩцәа қәыҧшцәа.

Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәа аламҭалазы, ҧхынҷкәын 21 рзы Гәдоуҭатәи Акультура Ҩны аҿы  “Каданс” имҩаҧнагеит атур хзыркәшаз аконцерт. Азал аҿы абжьааҧны иуҧымло агәалаҟазаара ссир ыҟан. Ахәаҧшцәа гәыкала, иҧхаӡа ирыдыркылеит аколлектив ҿа ақәгылара.

АҞӘАФОН аҿы агәра ганы иҟоуп ари арҿиаратә коллективи дареи русеицура ишацҵахо ала. Ҧхьаҟазы ирацәоуп еицымҩаҧыргаша аинтерес ду зҵоу апроектқәа.

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аҟәша аимадарақәа