20-04-2017

КАДАНС

news_name

КАДАНС

АҞӘАФОН ахадаратә спонсорра ала, Р.Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы мшаҧымза 20 рзы имҩаҧысит К.Ковач ихьӡ зху Аҟәатәи ахәыҷтәы музыкатә школ №1 аҿы, А.С Алавердиан инапхгарала еиҿкаау ахәыҷтәы аестрадатә музыкатә театр “Каданс” асолатә концерт.

 Уажәшьҭа 4 шықәса ҵуеит ахәыҷтәы театр ақәгыларақәа рыла ахәаҧшцәа аргәырҕьоижьҭеи. Уи иалахәуп қәрала еиуеиҧшым - 9 шықәса инаркны 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа. Амузыкарҳәаҩцәа қәыҧшцәа  Ковач ихьӡ зху Ахәыҷтәы ҟазаратә школ аҵаҩцәа роуп.

2016 шықәса рзы раҧхьаӡа акәны еибадырит АҞӘАФОН-и аестрадатә-музыкатә театр “Каданси”. Артистцәа қәыҧшцәа уамашәа идырҧшӡо иалагеит  АҞӘАФОН имҩаҧнагоз акымкәа-ҩбамкәа  агәырҿыхагатә усмҩаҧгатәқәа. Урҭ рхыҧхьаӡара иаҵанакуеит: Амҳаџьырқәа Рыгаҿа аҟны имҩаҧгаз акциа “АҞӘАФОНИ иухамышҭуа ацәаныррақәеи”, раҧхьатәи амобилтә оператор амшира ахьӡала, “АЦӘҚӘЫРҦА” ашҭаҿы имҩаҧысыз ахәылҧаз, иара убас  АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центр аҿы  ахәыҷқәа рзы  еиҿкааз Ашықәс Ҿыцазтәи акциа.

 “Каданс” даҽакы иаламҩашьо ҷыдарас иамоуп -  хымҧада зыҧсы ҭоу анагӡарала ашәаҳәара, арепертуар акәзар акыр еиуеиҧшымкәа аиқәыршәара. Атеатр арепертуар аҿы иҟоуп ҳаамҭа иашьашәаланы аус зыдулоу аҧсуа шәақәеи, ароки, аџьази, аблиузи акульт нагӡаҩцәа рашәақәеи  урысшәалеи, францыз бызшәалеи, италиан бызшәалеи рынагӡара.

 Атәыла асцена хадаҿы ақәгылара ахәыҷтәы аестрадатә-музыкатә театр “Каданс” алахәцәа зегьы рзы зегь реиҳа иззыҧшыз, рыгәқәа зырхыҭ-хыҭуаз хҭысны иҟалеит.

Аконцерт мҩаҧысит  иҧхаӡа иҟаз аиҩызаратә ҭагылазаашьаҿы. Азал аҿы итәаз ахәаҧшцәа гәыкала ирыдыркылеит ашәаҳәаҩцәа қәыҧшцәа. Урҭ реиҳараҩык  ажәабжак, нотабжак инаркны иарбан ашәоу еилкааны, артистцәа активла ашәа рыцырҳәон.

Аконцерт аҿы исасцәа ҷыданы иҟан еицырдыруа аҧсуа шәаҳәаҩцәа Мана, Авто Конџьариа, Артур Лакрба, агәыҧ “Азамаҭ”. Урҭ аколлектив қәыҧш иадгылеит, акымкәа-ҩбамкәа ашәақәа рыцырҳәеит.

 “Каданс” ирызнархиеит даҽа ҳамҭа бзиакгьы – аконцерт ахь  абилеҭқәа рыҭира  иаҭныҵыз аҧарақәа зегьы лнапы иадыркит Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара “Кьараз”анагӡаратә директор Камма Гоҧиаҧҳа.

  АҞӘАФОН азы  традициа бзианы иҟалеит абаҩхатәра злоу, иаҧхьагылоу арҿиаратә  ҿар ган рацәала ацхыраара рыҭара.

 

 «АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа