30-08-2017

Асериал “Атронқәа рыхәмарра” арбара

news_name

Асериал “Атронқәа рыхәмарра” арбара

2017 шықәса, ҧхынгәы 17 рзы иҭыҵит асериал “Атронқәа рыхәмарра” асезон ҿыц актәи асериа.

Иара убри амш азыҵәҟьа Аилак АҞӘАФОН-и  Аҟәа ақалақь ахадара иаҵанакуа аҿари аспорти рзы Акомитети еицеиҿыркааит  ақалақь аҧхынтә кинотеатр аҿы абжьбатәи асезон апремиератә рбара. 

Атронқәа рыхәмарра (Game of Thrones) —ари ашәҟәыҩҩы Џьорџь Мартин илегендатә сага “Аҵааи амцабзи рашәа” амотивқәа рыла иаҧҵоу культтә фентези ауп.  Актәи асезон актәи асериа апремиера мҩаҧысит мшаҧы 17, 2011 шықәсазы Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы ателеканал НВО аҿы. 2014 шықәсазы “Аҳтәарҭақәа рыхәмарра” – зегь реиҳа ақәҿиара зауз сериалхеит ателеканал НВО аҭоурых аҿы – асезон сериа цыҧхьаӡа  бжьаратәла  18,4 миллионҩык ахәаҧшцәа ирбеит.

.Есышықәса асериал еиҳа-еиҳа аларҵәара иазҳауа иалагеит. Убас, 2017 шықәса ҧхынгәы азы имҩаҧысит аҵыхәтәаҧхьатәи асезон  актәи асериа аҭыҵра. Уа имҩаҧысуаз ахҭысқәа ахәаҧшцәа идеилнаркааит  Аихатәы трон нызкыло дарбану.

Акинотеатр аҿы аҧсшьаратә гәалаҟазаара аҳра ауан. Афильм арбара иалагеит ашәахьаҽны, асааҭ 21.00 рзы. Аҽны аусура ишамшызгьы, асериал абзиабаҩцәа маҷымкәа еизеит. Аҧхынтә кинотеатр аҧхьа еилагылан асериал афанатцәа.  Уи адагьа, ҷыдала асериал арбара инақәыршәаны атрон ҟаҵаны иқәыргылан -  адунеи аҿы зегьы бзиа еицырбо ари асериал аҿы зегьы ззыгәышьуа уи атрон.  Есымчыбжьа, асериа ҿыц аҭыҵра аламҭалазы, Аилак АҞӘАФОН аофициалтә даҟьаҿы имҩаҧысуан аконкурс. Уи зҽалазырхәуаз абонентцәа ииашаны аҭак ҟарҵар акәын асериал иазкыз азҵаарақәа хәба. Уи аконкурс аҿы аиааира згаз азин иман Вестерос аихатәы трон дықәтәаны асериа ҿыц ахәаҧшра.

“Атронқәа рыхәмарра” 8-тәи афиналтә сезон ҭыҵраны иҟоуп 2019 шықәса алагамҭазы. Аинформациатә массатә хархәагақәа ишаарыцҳауа ала, иҭыҵраны иҟоуп сааҭки бжаки ицо асериақәа фба. Аҭыхрақәа даара ауадаҩрақәа рыцуп, урҭ мҩаҧысраны иҟоуп еиуеиҧшым аконтинетқәа рҿы хыҧхьаӡара рацәала атехнологиақәеи аеффект ҷыдақәеи ахархәара рзуны. Актиор Диам Каннингем ишиҳәаз ала, “иааиуа асезон аҿы еиқәшәараны иҟоуп апазлқәа зегьы, аамҭа еизнагоит ихадоу аперсонажцәа зегьы еибашьрак аҿы. Сезон цыҧхьаӡа афиналқәа еиуеиҧшымкәа инҵәон. Афбатәи асезон хыркәшан агәырҕьаратә нотала, абжьбатәи нҵәеит адунеи ашәарҭара ду ишҭагыло арбарала.  Уи алогика ҳақәныҟәаны, иазгәаҳҭозар, аабатәи асезон ибзиоу акала ихыркәшахароуп”.

 «АҞӘАФОН-GSM»адәахьтәи аимадарақәа рыҟәша