25-12-2017

Ашьапықәыргыларатә центр

Ашьапықәыргыларатә центр 

АШЫҚӘС ҾЫЦ – ахәыҷқәа рзы  зегь реиҳа изеигәырҕьо,  шықәс дуӡӡак иззыҧшу ныҳәоуп. Уи аныҳәазы хәыҷгьы-дугьы азыҧшуп аџьашьахәқәа, ачча-гәырҕьара, алах-ҿыхра рацәаны. Ахәыҷқәа зегьы ргәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшуп Ашықәс Ҿыцтәи афырхаҵа хада – Аҵаа Бабаду иҧылара.

АҞӘАФОН зхылаҧшуа Аҧснытәи ахәыҷтәы шьапықәыргыларатә центр аҿы иҟоу ахәыҷқәагьы зегь реиҧш аџьашьахәқәа ирзыҧшын.  Сынтәа Аҵаа Бабаду ироль традициала  ахахьы иагеит ахәыҷқәа рзы Ашықәс Ҿыцтәи асиурприз ҟаҵара иалахәыз АҞӘАФОН.

Ҧхынҷкәын 25 рзы Аҟәа Москватәи Аҩны аҿы,  АҞӘАФОН иҟанаҵаз аспонсортә хадарала, ацентр анапхгара еиҿыркааит ашықәс ҿыцазтәи аҧсаҵла акәша аныҳәа.

Араҟа ахәыҷқәа ирзыҧшын илашоу аныҳәатә программа. Алакәтә қәгылара иалахәын Аҵаа Бабаду, Ас-ҭыҧҳа, апринцесса Софиа, аминионцәа уҳәа егьырҭ ахәыҷтәы мультфильмқәа рфырхацәагьы. Ахәыҷқәа еигәырҕьаны  имҩаҧыргеит алакәтә  ҳҭынраҿы  Ашықәс Ҿыцтәи аныҟәара.  Апринцесса Софиеи егьырҭ алакә фырхацәеи ирыцны ахәыҷқәа аҧсаҵла иакәшон, ишәаҳәон, ихәмаруан, Аҵаа Бабадуи  Ас-ҭыҧҳаи ирызкны ажәеинраалақәа ирыҧхьон, ҳәарада, еигәырҕьаны ирыдыркылон аҳамҭақәа. Аспектакль ашьҭахь ахәыҷқәа  ирзырхиан Аҧсны  аестрада “аеҵәақәа” злахәыз  аконцерт.

Еиҭаҳәашьа рымам згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа иаадырҧшуаз агәырҕьаратә емоциақәа! Мшәан дара рзы ари баша ныҳәамызт, уи ирнаҭон ҧхьаҟа ргәабзиара аиҕьтәразы агәаҳәареи  амчи.

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аҟәша аимадарақәа