29-04-2017

Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиохәаҧшра аус ацура

Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиохәаҧшра аус ацура 

Абар уажәшьҭа акыр шықәса ҵуеит АҞӘАФОН активла Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиохәаҧшра аус ацнауеижьҭеи. Урҭ шықәсыла русеицура иалҵшәаны, АҞӘАФОН иҟанаҵоз ахадаратә спонсорра абзоурала иалыршан ирацәаны апроектқәа раҧҵара: “Атеатри аамҭеи”- С.Корсаиа, “Абырцкал”, Ажәа” – Е.Коҕониа, Аҟәатәи абаҟақәа” – А.Қапба, “Ашықәсҿыц азтәи ахәылҧаз”, “Аамҭак иҳацану”- Р.Аргәын, “Акәымжәыуаа” – М.Аргәын, Е.Арсалиа, “Сара сашәа” уҳәа убас егьырҭгьы.

2017 шықәса уи аганахьала иҷыданы иаанымхеит.  Апроект ҿыцқәа рхыҧхьаӡара ашҟа иаҵанакуеит: Аҧшӡара амаӡа” – авторцәа Е.Арсалиа, М.Аргәын, иара убас “Ажәеиҧшьаа” – А.Гәымба.

”Аҧшӡара амаӡа”  - асахьаҭыхратә ҟазара иазкны, аҧсышәала еиҿкаау автортә дырраҭароуп. Апроект азкуп еицырдыруа арҿиаҩы, Петербургтәи аимператортә театрқәа рсахьаҭыхҩы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе диижьҭеи 150 шықәса аҵра. Аҧсуа аҳҭынра иахагылаз Қьалышьбеи Чачба имаҭа Алеқсандр аҧсуаа рҟнытә раҧхьаӡатәи профессионалтә сахьаҭыхҩын. Уи ирҿиаратә мҩа шьақәгылеит аурыс реалисттә сахьаркыратә школ ашьаҭалеи европатәи акультура инарҵауланы Франциа иахьҭиҵаауази рыбзоурала.

 Апроект шьақәгылоуп адырраҭарақәа рцикл ала, урҭ рыцыҧхьаӡа ибзианы иаадыртуеит зырҿиараҿы акымкәа-ҩбамкәа атәылақәа ркультура еидызкылаз асахьаҭыхҩы ганрацәала ихаҭара.

 Иара убас ателехәаҧшратә сезон аҿы иҿыцу ируакуп – апроект “Ажәеиҧшьаа”. Ари адырраҭара азкуп ашәарыцареи аҧсуа шәарыцаҩцәеи, амилаҭтә традициатә шәарыцара аелементқәа, ари ахацәа ртрадициатә занааҭ ақьабзқәеи атабуқәеи ртәы ҳзаанартуеит.  Апроект автор Адгәыр Гәымба иаҳзеиҭеиҳәоит ашәарыцаҩцәа ихымҧадатәу рхымҩаҧгашьа анормақәеи реизыҟазаашьақәеи, даҽакала иуҳәозар урҭ рхымҩаҧгашьаҿы изықәныҟәо ҿырҳәалатәи аҧҟаррақәа ркодекс.

 Ажәытәӡан аахыс ашәарыцаратә традициақәеи аҵасқәеи аҧсуа жәлар ретика иахәҭакны иҟан.  Урҭ ашәарыцаҩ иларааӡон алеишәа, аҧсыцқьара, аиҩызара, агәаҽанызаара.

Адырраҭара хықәкыс иамоуп итрадициатәу аколлективтә шәарыцара аҧсуа етногарфиатә ҭынхак аҳасабала,  иузаҟәымҭхо иацу аҷыдарақәа раарҧшра.

 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша