09-03-2017

Хәажәкыра 8 иазкны АҞӘАФОН имҩаҧнагаз акциа.

Хәажәкыра 8 иазкны АҞӘАФОН имҩаҧнагаз  акциа

Абар уажәшьҭа 7 шықәса ҵуеит ааҧын раҧхьаӡатәи аныҳәа - Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа аламҭалазы, АҞӘАФОН имҩаҧнагоит асоциалтә акциа. Уи азкуп еиуеиҧшым акатегориақәа ирыҵаркуа Аҧсны аҳәса рыдныҳәалара, иара убасгьы аҳамҭақәа рыҭара. Зегь раҧхьаӡагьы,  урҭ рыгәҭаны иҟоуп аҳәса- аибашьра аветеранцәа.

Сынтәа АҞӘАФОН-и ААЕ “КЬАРАЗ”-и еицазгәарҭеит иҷыдоу аҳәса, ииашаҵәҟьаны, ҳаамҭазы ифырҧҳәызбацәоу  - ахшара рацәа змоу анацәа! Рыцҳарас иҟалаз, хшаҭарак ҟамҵакәа зхәыҷқәа зааӡо арҭ аҳәсақәа рыхәҭак ан-азаҵәқәа роуп. Сынтәа иара убасгьы ари акциа иаҵанакит зҭаацәарақәа рҿы ааҩык, ма  инареиҳаны ахәыҷқәа иахьрызҳауа анацәа.

Ари аусмҩаҧгатәы аҳәаақәа ирҭагӡаны, хәажәкыра 7 рзы АҨ “Позитив” аҿы Ахеилак АҞӘАФОН-и “КЬАРАЗ-и” русзуҩцәа  ааҧынтә ныҳәа рыдырныҳәалеит агәыҳалалратә еиҿкаара зхылаҧшуа 16-ҩык анацәа.

АҞӘАФОН асоциалтә проектқәа рзы аменеџьер Асҭан Барцыц ҭабуп ҳәа реиҳәеит арҭ афырҧҳәызбацәа урҭ есымшатәи рџьазы, анацәак раҳасабала иаадырҧшуа ахымшаҭаразы. АҞӘАФОН ахьӡала урҭ зегьы ирыҭан ашәҭшьыҵәрақәеи, номиналла 15 000 нызықь мааҭ иаҧсоу асертификатқәеи. Хаҭала уи аҧарала  анацәа рыцыҧхьаӡа иаархәар рылшоит аҩнаҭаҿы ихымҧадатәиу  абзазаратә техникатә комплект.

 Аиҧылара ахыркәшамҭазы, Камма Гоҧиеи Асҭан Барцыци анацәа ирзеиҕьаршьеит агәыцқьара бзиа, адоуҳа ҕәҕәа, ачҳара.

 

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аҟәша