30-09-2017

Аиааира 24 шықәса аҵра инақәыршәаны еиҿкааз аусмҩаҧгатәқәа.

Аиааира 24 шықәса аҵра инақәыршәаны еиҿкааз аусмҩаҧгатәқәа.

Цәыббра 30, 2017 шықәса рзы  рзы Аҧсны иазгәарҭеит 1992-1993 шш рзы Аҧсны жәлар Аџьынџьтәылатәи аибашьраҿы иргаз Аиааира! Ари амш акраҵанакуеит дарбан аҧсуазаалак изы  мацара адагьы, зыуацәеи зҭынхацәеи Аҧсны иқәынхоз зегьы рзы.   

Иҟалап Аҧсны ҭаацәарак ыҟамзар, аибашьра зхьымсыз. Уи дарбанзаалак иҧсҭазаара иалалеит еиуеиҧшым ахҭысқәа рыла.Афронт ахь ицаз агәакьацәа рҭахара адагьы, ауаа аибашьра ирзаанагеит ацәыӡ дуқәа, имаҷымкәа аилаҧыххаарақәа.

.Аиаира ныҳәамш – ҳреспубликаҿы зегь реиҳа ихадоу ныҳәоуп. Есышықәса, ари арыцхә инақәыршәаны, АҞӘАФОН имҩаҧнагоит  асоциалтә хырхарҭа змоу  аусмҩаҧгатәқәа акымкәа-ҩбамкәа.

Сынтәа  Аиааира Амшныҳәа инақәыршәаны еиҿкааз аусмҩаҧгатәқәа  аартын А.С.Алавердиан хадара ззиуа  К.Ковач ихьӡ зху  ахәыҷтәы ҟазаратә школ аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы естрада-музыкатә ансамбль “Каданс” ақәгылара.  Жьырныҳәа 24 рзы Тҟәарчалтәи аветеранцәеи анхацәеи рзы  ари ансамбль  Акультура Аҩны аҿы имҩаҧнагеит аконцерт.    

.Абар уажәшьҭа ҩышықәсоуп агәыҳалалратә еиҿкаара “Кьарази” АҞӘАФОНИ  еицымҩаҧыргоижьҭеи акциа “Сара сфырхаҵа”. Уи акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақыҭақәа Ганахлеба, Уарча, Лашькьындар, Ҷлоу, Ҧақәашь, иара убас ақалақьқәа Тҟәарчали, Аҟәеи, Гәдоуҭеи рыҟнытә аибашьра аветеранцәа  14 ҭаацәара ирзаахәан аҩнытә техника, иара убасгьы хәарҭара злоу абзазаратә маҭәахәқәа, иааизакны 350 нызықь мааҭ рыхә.

Есышықәса АҞӘАФОН аспонсор хадара азнауеит  Аҧсны асамбои адзиудои рзы Афедерациа традициала  Аиааирамш азы имҩаҧнаго арҧарацәеи аҭыҧҳацәеи рыбжьара Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира Акубок”. Цәыббра 27 инаркны 29 рҟынӡа Аҟәа Курченко лыхьӡ зху  аспорттә школ аҿы имҩаҧысит атурнир. Уи рҽаладырхәит Аҧсни, Урыстәылеи, Алада Уаҧстәылеи, Адыгеиеи, Ҟарачы-Черқьессиеи, Ҟрыми, Ашьха Ҟарабахи рықалақьқәа рҟнытә аспортсменцәа.

Цәыббра 27 Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш азы АҞӘАФОН ахадаратә спонсорра иабзоураны, иара убас Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа  рхацыркрала, 20 метра иҟоу аура змоу абираҟлабақәа ирхаргылоу 4Х8 метра иҟоу абираҟқәа Аҧсны ақалақьқәа зегьи хьӡы-ҧша змоу  аибашьратә ҭыпқәеи рҿы ашьақәыргылара хықәкыс измоу  апроект “Аҧсны ақалақьқәа рҿы зымҽхак ҭбаау абираҟқәа”  аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаҧысит  Аҟәа, Араион Ҿыц аҿы ныҳәаҵас абираҟ ашьҭыхра.

2017 ш. жьҭаарамзазы Аҧсны Ареспублика абираҟ шьақәыргылан Гәдоуҭа ақалақь аҿы аҧырҩцәа ирызку амемориал аҿы.

Цәыббра 29 рзы Мықәашҭа имҩаҧысит  Аҧсны Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба игәалашәара иазкны итрадициатәу аҽырыҩратә спорт азы Аҧсны Ачемпионат.  АҞӘАФОН ари аицлабра аҧхьатә фонд спонсорс иҟан.  Ари Ачемпионат Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира ныҳәамш иазкны  есышықәса имҩаҧнагоит Очамчыратәи араион ахадара.

Сынтәа ари аспорт еицлабраҿы аиааира ргеит Инал Голанӡиа, Инал Тхакунов, Дамеи Сақаниа, атрадициатә хәмарра “Аимҵакьачра” аҿы аиааира ргеит акомандақәа Аӡҩыбжьеи, Кәтоли, Ҷлоуи ақыҭақәа рҟнытә акомандақәа.

Аиааирамш – жәлар ракзаареи, рхьыҧшымреи, уаҵәтәи рымши ирдыргоуп!

Ҽаанбзиала, Аҧсны! Аиааирамш уадныҳәалаз!!

 «АҞӘАФОН-GSM»адәахьтәи аимадарақәа рыҟәша