23-08-2016

Инаркны ирҿыцуп атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” рцәаҳәа аҧҟарақәа

Нанҳәа 23,  2016 ш.  инаркны ирҿыцуп  атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” рцәаҳәа аҧҟарақәа – Аинтернет-трафик амҽхак иацҵоуп! Абоненттә хәҧса шыҟац иааныжьны атарифтә план “Еснагь аимадараҿы М” аҿы  Аинтернет-трафик 4000 МБ ахархәара алыршоуп уаанӡа иҟаз  3000 МБ ацынхәрас. Атарифтә план “Еснагь аимадараҿы L” аҿы акәзар,  Аинтернет-трафик 8000 МБ алыршоуп, иҟаз 6000 МБ ацынхәрас. 

Атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” рсериа –  активла аицәажәаразы зегь реиҳа хәарҭа злоу, иманшәалоу  тарифқәоуп!

Атарифтә планқәа рсериа “Еснагь аимадараҿы” рсериа ахадаратә ҧҟарақәа рҽырыҧсахӡом – абонент  илшоит  АҞӘАФОН аҳа аҩныҵҟеи Аҧсны ақалақьтә номерқәа рышҟеи лимит ҧымкрада аҭел асра, зхыҧхьаӡара ҳәаақәҵам  SMS-дырраҭарақәа рышьҭра, злимит ҧкым Аинтернет, иара убасгьы Аҧсны егьи амобилтә оператор иномерқәеи жәларбжьаратәи ахырхарҭақәеи рышҟа  шәагала еиуеиҧшым аминуҭқәа рпакетқәа.