11-01-2017

Аопциа «СУПЕР РОУМИНГ»

news_name

Жьырныҳәа 11,  2017 шықәса инаркны АҞӘАФОН абонентцәа алшара рымоуп иҿыцу аопциа «СУПЕР РОУМИНГ» ахархәара. Аопциа «СУПЕР РОУМИНГ»  иалшоит  Аҧсни Урыстәылеи рышҟа иалалоу ааҧхьарақәа раан, иара убас SMS-дырраҭареи, амаҵзура “Амобилтә Интернет” МегаФон аҳа  ароуминг аҿи абонент  ахә иагырханы иауртә еиҧш аҟаҵара.  

 Аопциа шаҿактәу ишаҿыхтәу:

  •  USSD-акоманда ишиашоу ацхыраарала:

*160*00# - Амаҵзура “Урыстәылаҿы ароуминги” аопциа “СУПЕР РОУМИНГИ” рстатус.

*160*05# -  «СУПЕР РОУМИНГ» аопциазы аилкаага.

*160*03# -  Аопциа «СУПЕР РОУМИНГИ» амаҵзура “Урыстәылаҿы ароуминги”  аамҭакала раҿакра.

*160*02# -  Аопциа «СУПЕР РОУМИНГИ» амаҵзура “Урыстәылаҿы ароуминги”  аамҭакала раҿыхра.

  • USSD-амениу: *100#

 Аопциа аҿакраан аопциа ахәҧсеи атарифқәеи:

Аопциа ахархәаразы аҧарақәа рныхра мҩаҧгахоит абаланс 200 мааҭ иреиҳаны ианыҟоу,  есымшатәи абоненттә хәҧса - 30 мааҭ аныхрала.

 Аопциа “СУПЕР РОУМИНГ” анаҿакха ашьҭахь, 30 мааҭ аҧара ныххоит аопциа ахархәара анымҩаҧысуа,  аопциа аҿакра амш азы  еиҧш, адырҩаҽнытәи амзар мшы азгьы.

Ихадоу аҧҟарақәа

Аопциа «СУПЕР РОУМИНГ» аҿакраан аҧҟарақәа

Иалалоу ааҧхьарақәа

7,00 руб.

 Иалалоу ааҧхьарақәа

1,50 руб.

Аҧсны ашҟа иалҵуа ааҧхьарақәа

7,00 руб.

 Аҧсны ашҟа иалҵуа ааҧхьарақәа

2,50 руб.

Урыстәыла ашҟа иалҵуа ааҧхьарақәа

7,00 руб.

 Урыстәыла ашҟа иалҵуа ааҧхьарақәа

2,50 руб.

Иалалоу SMS

0,00 руб.

Иалалоу SMS

0,00 руб.

Иалҵуа SMS

3,00 руб.

Иалҵуа SMS

1,50 руб.

Аинтернет-трафик

3,50 руб./МБ

Аинтернет-трафик

0,50 руб./МБ

 

 Аопциа аиуразы аҧҟарақәа:

1. Аопциа аҿакразы  абонент ибаланс хымҧада еиҳазароуп аопциа аҿыхратә шәхымс аасҭа (200,01 мааҭ).

2. Аопциа аҿыхратә шәхымс - 200,00 руб.

3. Аопциа аҿакратә шәхымс - 200,01 руб.

4. Абонентә хәҧса ашәараан  абонент ихатә хыҧхьаӡара иҭоу аҧара 200 мааҭ иреиҵазар, Абоненттә хәҧса ныххаӡом. Аопциа аусура аанкылахоит абаланс 200 мааҭ иреиҳаны иҟалаанӡа.

5. Абонент 200 мааҭ иреиҵаны изҭазар, абоненттә хәҧса ныххаӡом. Аопциа аусура аанкылахоит абаланс 200 мааҭ иреиҳаны иҟалаанӡа.

 6. Аопциа аҿеикыр ма иаҿихыр илшоит ахархәара азызуа абонет дарбанзаалак (атарифтә план “АМШЫН”, иара убас аиуристтә хаҿқәеи рыда), амала уи азы  атарифттә план аҿы иахьазгәаҭоу, абоненттә хәҧса анырххьазар ауп.

7. Абонентцәа-аиуристтә хаҿқәа аопциа рыҭара алыршахоит акорпоративттә хархәаҩцәа аус рыцызуа аменеџьер ишҟа агәрагара змоу ахаҿы ааҧхьара аныҟаиҵалакь ашьҭахь.

8. Абонент аопциа анаҿеиклакь,  автомат ҳасабла иаҿакхоит амаҵзура “Урыстәылаҿы ароуминг”.

9. Абонент иаҿихыр амаҵзура “Урыстәылаҿы ароуминг”, автомат ҳасабла иаҿыххоит аопциа.

10. Абонент аопциа аҿихыр МегаФон аҳаҿы дшыҟоу, усҟан уи абонент иганахьала  автомат ҳасабла ахархәара азухоит амаҵзура “Урыстәылаҿы ароуминг” астандарттә ҧҟарақәа.