17-09-2016

Зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа рзы Ашьапы ақәыргыларатә центр афинанстә цхыраара азура.

Зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа рзы Ашьапы ақәыргыларатә центр афинанстә цхыраара азура.

Цәыббра 17,  2016 шықәсазы АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны,  Аҧснытәи зылшара ҧку ахәыҷқәа Ршьапы ақәыргыларатә Центр аҿы ирхәышәтәуа ахәыҷқәа аҭааит Пицундатәи амшынҳәақәа рыҭра. Ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рзы иазырхиан аинтерес зҵаз архәмарратә, аилкаара-дырратә программа.

Аҧсны еиуеиҧшым араионқәеи ақалақьқәеи рҟнытә еиҟарам алшарақәа змоу аҭаацәа рхәыҷқәа ршьапы ақәыргылара аус ахьадыруло ари ацентр АҞӘАФОН изныкымкәа ацхыраара анаҭахьеит. Амшынҳәақәа рыхәмарра абара, урҭ рзы игәырҕьахәу аемоциа лашақәа рызҭо, раҧхьаҟагьы ршьапы ақәыргылара иацхраауа,  астимул роуртә иҟазҵо ныҳәа хаданы иҟалеит.

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша