03-06-2016

АҞӘАФОН аҟнытә ахәы3қәа рныҳәа Очамчыра ақалақь аҿы.

news_name

АҞӘАФОН аҟнытә ахәы3қәа рныҳәа Очамчыра ақалақь аҿы.

Аҧхын раҧхьатәи амш азы адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит апланета иқәынхо  зегьы иреиҵоу ахәыҷқәа рныҳәа.

АҞӘАФОН есышықәса даара ҭакҧхықәрала иазнеиуеит ари ахҭыс аҽазыҟаҵара, уи амш азы  ҳтәыла иқәынхо ахәыҷқәа ҳамҭас ирызнархиоит аинтерес зҵоу  аныҳәа лаша.

АҞӘАФОН аҟнытә ари аныҳәа есышықәса Аҧсны ақалақьқәа зегьы ирылсуеит,  уи ахәаҧшцәа қәыҧшцәа рыгәқәа рҿы  ирацәаӡаны  аемоциа лашақәеи агәалаҟара ссирқәеи арҿыхоит.  

Сынтәа уаҩ дхызхуаз  ахәыҷқәа рзы  ақәгылара мҩаҧган Очамчыра ақалақь аҿы, уаҟа еизеит ақалақь хәыҷқәа рыдагьы,  ааигәа-сигәа иҟоу ақыҭақәа рҟнытә аҿаргьы.

Рашәара 1 азы Акультура Ахан аҿы Раҧхьатәи амобилтә оператори Очамчыра ақалақь ахадареи еиҿыркааит хашҭшьа зқәым ахәыҷра аныҳәа.

Ҷыдала ахәаҧшцәа хәыҷқәа ирыздырхиеит аинтерактивтә концерттә программа. Уи ахыркәшамҭазы ахәыҷқәа ирзыҧшын илахҿыхыз аӡтәы грим ала  аҽшәрақәа: ари ахәмарраҿы     аӡәы  “дтигрхеит”, даҽаӡәы “дҧарҧалыкьын”, ма  “дыцгәын” – ӡылатәи агрим анырзыҟарҵалак ашьҭахь  ахәыҷқәа  еиуеиҧшым агыгшәыгқәа  рсахьақәа “аархәон.”

Анаҩс ахәыҷқәа идырбан бзиа еицырбо алакәқәеи амультфильмқәеи рфырхацәа рыла имҩаҧгаз апарад. Бетмани, Диснеитәи аперсонажқәеи, Магадаскар адгьылбжьаха аҟнытә алым Алеқси, Питер Пени афеиа Динь-Дини, аҳәаҵыс Пеппеи, Лунтики, иара убас аҧышәырч Боби ахәыҷқәеи еибадырит. Урҭ аперсонажқәа зегьы  ахәыҷқәа ирацәажәон, ирыцкәашон, ирхыргахьоу ахҭысқәа рахьтә аинтерес зҵоу аҭоурыхқәа рзеиҭарҳәон.

Уи алагьы инымҵәаӡеит аныҳәа иалахәыз рзы асиурпризқәа. Раҧхьаҟа ирзыҧшын ахәыҷтәы сахьақәа ирызкызи, анапхарҧатә кьанџьақәеи, алабахәуақәа ирықәгылоу ақьачақьцәеи рконкурсқәа. Аныҳәа хыркәшан зегь реиҳа аинтерес зҵаны имҩаҧгаз ахәыҷқәа аҳамҭақәа рыҭареи, алашаратә шоуи, афеиерверки рыла.  

Ахәыҷтәы цәаныррақәа – зегь реиҳа ауаҩы ихаҿы иаанхо, ауаҩы иҧсҭазаара зырлашо  гәалашәарақәоуп. Ас еиҧш иҟоу, гәырҕьарала иҭәу, аччареи, гәыкала иаарҧшу аемоциақәеи зцу аныҳәақәа ракәзар,  наунагӡа ахәыҷы игәаҿы иаанрыжьуеит игәыҟаҵагоу, иҧхоу ахәыҷратә гәалашәарақәа.

АҞӘАФОН аусзуҩцәа рҽазыршәоит ҳтәыла ахәыҷқәа зегьы ас еиҧш илашоу агәалашәарақәа рымазартә еиҧш аҟаҵара. Сынтәазы ари аныҳәа хыркәшоуп, аха Раҧхьатәи амобилтә еимадара иамоу атрадициа бзиа – ахәыҷқәа илашоу аныҳәа рзеиҿкаара, агәалаҟара бзиа рыҭара – иааиуа ашықәс азгьы иацҵахоит. Ҳаҧхьаҟазы иҟоуп аплан ҿыцқәа, ақалақь ҿыцқәа, иара убасгьы насыҧла иҭәу ахәыҷқәа рхаҿқәа!

 «АКӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша